Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ахаа амш азгәанаҭеит

© Sputnik Томас Тхайцук Ахааи агәырӷьареи рымш ҳамҭаны ироуит ахәыҷырацәа змоу Аҟәатәи аҭаацәарақәа.
Ахааи агәырӷьареи рымш ҳамҭаны ироуит ахәыҷырацәа змоу Аҟәатәи аҭаацәарақәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахааи агәырӷьареи рымш ҳамҭаны ироуит ахәыҷырацәа змоу Аҟәатәи аҭаацәарақәа. Акциа мҩаԥнагеит агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз".

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

–Еимамҷабӡо?– 12-шықәса зхыҵуа Гәдиса ивара итәаны ахаафара иаҿу Сабина длазҵаауеит.

–Еимаҷабуеи? – дҵаауеит Сабина.

– Бҿи бнапи…

– Уара акгьы зумфои? Ахаа бзиа иумбаӡои? – сҵаауеит.

Иара ҭак сиҭом. Еиуеиԥшым ахаақәа – ахҷаҭ, ашәыр, ашокалад рыла ихырку рыфҩы лаҳа-лаҳауа иҩнарҭәаауеит акаҳуажәырҭа хәыҷы.

© Sputnik Томас Тхайцук Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) Киараз  Подари детям день радости. - Sputnik Аҧсны
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".

Шьарида Ҭыжәԥҳа лкаҳуажәырҭа "ShakaTaka cake" аҿы еизоит 20-ҩык рҟынӡа ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа рҟынтәи аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи. "Ахәыҷқәа агәырӷьара амш ҳамҭас ирыҭ", аестафета анаплакҩы Шьарида илоуит аортодонттә центр Rideamus аҟынтәи.

"Абри ауп иахьазы абарҭ ахәыҷқәа рзы исылшаз. Сара сгәы иҭоуп ари аестафета ԥхьаҟагьы анаплакыҩцәа, асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа ирыцхраар зылшо рыҭара", — лҳәеит лара.

Араҟа иара убасгьы иазгәарҭеит ԥхьаҟа исахьаҭыхыҩхар зҭаху Лаида 14-шықәса лхыҵра.

© Sputnik Томас Тхайцук Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) Киараз  Подари детям день радости. - Sputnik Аҧсны
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".

– Дарбан сахьаҭыхҩу реиҳа бзиа иббо?— сҵаауеит сара.

– Сашьа. Ауниверситет аҟны аҵара иҵоит. Исҭахуп иара иеиԥш асахьаҭыхшьа сҵар…

Аныҳәа иацҵахоит апланетари "Кинотеатр 360 градусов" аҟны. Уаҟа ахәыҷқәа ирзаатуеит адунеии агалактикеи рымаӡақәа.

Гәдиса уи агәырӷьара инаҭоит, избанзар аԥсабараҵара, агеографиа. Аҭоурых рмаҭәарқәа бзиа ибоит.

"Исзымдыруа аҭҵаара бзиа избоит", — иҳәоит иара.

© Sputnik Томас Тхайцук Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) Киараз  Подари детям день радости. - Sputnik Аҧсны
Эстафета Благотворительной Общественной организации (БОО) "Киараз" "Подари детям день радости".

Аестафета иацҵахоу иацымҵахоу уи ауаа шақәҿырҭуоуп изхьыԥшу ҳәа азгәалҭоит "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гопиаԥҳа.

Аиҿкаара апланқәа рҟны иазыԥхьагәаҭоуп аԥхынтәи алагер, агәыҳалалратә концертқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0