АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны аԥсшьара ахаҭабзиара еиӷьхеит, иҳәеит аинтервиу ҳаҭо Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа.
"Асасааирҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи зегьы хианы иҟоуп. Есышықәса урҭ русура еиӷьыртәуеит. Уи ус шакәу адырбоит дара аԥсшьаҩцәа рцәажәарақәа. Ҳәарада апроблемақәа ыҟамкәа иҟалом, аха иааидкыланы аусура еиҳа ишьахәуп", — иҳәеит аминистр.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рымчала амҩақәа рҟны азинеиҿкаареи ашәарҭадареи хра аҭаны ишыҟоу.
"Уаанӡа аекскурсиатә автобусқәа иахьрықәшәалак иаангылон. Уи авариатә ҭагылазаашьа аԥнаҵон. Уажәы уи аганахьалагьы аусурақәа ирҿуп", — иҳәеит Гарцкиа.
Авҭандил Гарцкиа иазгәеиҭеит аурыс-аԥсуа ҳәаа аҟынгьы активл аусурақәа шымҩаԥысуа. Ҵыԥхи сынтәеи еидкылан уахәаԥшуазар макьаназы еиԥшымра рацәа ыҟам. Атуристтә поток еиҳарак ианазыԥшу ԥхынгәи нанҳәеи амзақәа рзоуп. Усҟан ашколхәыҷқәагьы рхы иақәиҭхоит, аҭаацәагьы рыԥсшьарамшқәа уи еиҳа иақәдыршәоит.
"2016 шықәса ажьырныҳәамза инаркны Аԥсны ԥсшьара ҳәа иаҭаахьеит 219 нызқьҩык ауааԥсыра", — иҳәеит Гарцкиа.