00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу: адепутат ихҳәаа
13:19
4 мин
Аиҿцәажәара
Очамчыра зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
13:23
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны араса аарыхразы алшарақәеи иахьатәи аҭагылазаашьеи: анаплакҩы, аарыхҩы иҿцәажәара
13:45
5 мин
Аиҿцәажәара
Акультура аминистрра агастрольтә план: аспециалист ицәажәара
13:50
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Кому цветы не в радость? О сезонной аллергии и борьбе с ней в интервью с врачом
On air
14:17
3 мин
Актуальный комментарий
Цены на отдых в Абхазии 2026: интервью с экспертом
14:20
7 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа идырныҳәалеит

© Foto / Сырма Ашәԥҳа100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа
100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭа инхо Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа 100 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, рашәарамза 4 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ԥсабарала иуаҩы аамысҭашәоу, ауаҩ нага ҳәа ззырҳәо Илиа Шәлиман-иԥа 100 шықәса ихыҵит. Уи аҳаҭыр азы "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа абырг аҳамҭақәа рыманы изнеит. Ҳәарада, ари ахҭыс иара гәахәала идикылеит. Агәамч-агәабзиара изеиӷьаршьеит.

"Аԥсуаа жәытә-натә аахыс атәым милаҭ изларыламҩашьоз, рыхьӡ зларҳәоз  рхатә ҷыдарақәа рыман. Убарҭ ируакуп — Ақәра нҵыра ду. Шәара шәылаԥш ахара инаӡоит, шәдоуҳамч ӷәӷәоуп. Агәыцқьареи, аманшәалареи, аизҳазыӷьареи шәыманы адунеи шәақәлахааит! Акыр шықәса ҩаԥхьа шәҳагымзааит!", — ҳәа азгәаҭоуп Сонер Гогәуа абырг ихьӡала инаишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Афонд ахаҭарнакцәа изларҳәо ала, абырг игәы бзиоуп, агәашьамх иҵоуп. Нугзар Логәуа, Илиа Шәлиман-иԥа диазҵааит, абас еиԥш шәықәра иаҵаҵәаху амаӡа ҳзаашәыртуама, ҳәа. Иара аҭакс иҳәеит:

"Сара сышьхауаҩуп, 60 шықәса шьхала сааӡоуп. Сыԥсҭазаараҿы избахьоу ацәгьеи абзиеи рацәоуп, аха макьана сгәыразра саанагозшәа сбоит. Аԥсуа  дахьыҟазаалакгьы ԥсуаҵас ихы ныҟәигозароуп, ҳара ҳҵасқәа ҳрықәныҟәалар, аҿар идмырӡыр, уи еиӷьу ԥсҭазаара ҟалом. Аԥсуа ичеиџьыка, иламыс ишақәнагоу иныҟәугар, иаргьы уныҟәнагоит. Ҳажәлар аизыразра рыманы, рҳәоу еиқәшәо, иныҟәибаго иҟалар сҭахәуп", — ҳәа дцәажәон иажәа раӡо абырг бзиа Илиа Дочиа. 

Аныҳәаҩ ихы идиныҳәалартә еиԥш иҟоу ауаҩы, зыхшареи, змаҭацәеи рыла згәы ҭыгоу Илиа Шәлиман-иԥа, изнеиз асасцәа ҷыдала пату рықәиҵеит. Досу изнеишьа дақәшәон, ихәҭаз ажәа иҳәон. 

"Шәара шәаара мацара сара сзы иҳамҭа дууп. Сара инысҵыз аҟара ҩба инышәҵааит. Шәӷьацааит!", —абас, иныҳәаԥхьыӡқәа нҵәара рықәмызт Илиа Шәлиман-иԥа!

 

 


Ажәабжьқәа зегьы
0