АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрра аҿаԥхьа еизаз рҿаԥхьа атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымб Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа цонаҵы имаҵуратә уалԥшьақәа аанкылазарц азы идҵа данырзаԥхьа ашьҭахь еизаз еимпит.
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа рымҩаԥгара идҵоуп аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.
Еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.
Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.