00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:29
1 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:29
1 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
On air
13:16
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
On air
13:43
2 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Взаимный интерес
Социологический опрос "Экология Абхазии: взгляд в будущее"
14:17
2 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Нарушение пограничного режима: ситуация на абхазо-грузинской границе
14:44
10 мин
Дополнительное время
Спорттивные трансляции в Абхазии: интервью с журналситом МАТЧ-ТВ Нарой Муратия
14:54
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:07
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҩаша, ԥхынгәы хәба рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа инарыдҳәаланы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз ааԥхьара иофициалтә саит аҟны икьыԥхьуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik, Владимир Бегунов. Ҳажәлар ахықә аҟны иааины иаахықәгылеит, уи анахыс иҟоу ԥсроуп, ӡроуп ҳәа азгәеиҭоит аҩаша, ԥхынгәы хәба рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа инарыдҳәаланы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз ааԥхьараҟны. Ааԥхьара атәыла Ахада иофициалтә саит аҟны икьыԥхьуп.

Амцахара анапхгара аҳәара ҟарҵоит аҭагылазаашьа дмыруадаҩырц - Sputnik Аҧсны
"Амцахара" анапхгара аҳәара ҟарҵоит аҭагылазаашьа дмыруадаҩырц

Ахада игәаанагарала аоппозициа аҽышәара ҟанаҵоит аҭагылазаашьа ашьақәҟьаразы. Уи иалшоит аҳәынҭқарра ацәыӡрахь ҳнанагар, ҳәа азиԥхьаӡоит Ҳаџьымба.

Аҩаша ауха аҭыԥ змаз азинеилагарақәа еиҿызкааз ауаа ааигәа аҳәынҭқарратә цәгьоурақәа мҩаԥызгоз, иахьа ажәлари амилаҭи ирыцәнымхошәа ҟарҵоит. Дара рхатәы интиресқәа рыхьчара рҽазышәо азакәанқәеи Аконституциеи ишырҭаху инадырҳәы-аадырҳәуеит, ҳәа азԥхьаӡоит атәыла Ахада.

Иара иазгәеиҭеит хаҭа-хаҭала аӡәгьы ихьӡ ааҭкааны изимҳәо досу рхы дырны, ихәыцырц ауп ҳәа.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла аоппозициа аԥхьагылаҩцәа ааигәакәын атәылеи ажәлари ирцәырӷьычыз аԥарақәа аофшортә зонақәа рахь ианырышьҭуаз. Ахада игәаанагарала ажәлар акоммуналтә маҵзурақәа роума, афымцалашара аума, ашәахтәқәа роума рыхә рыхшәаара иацәдырҟьалеит, абиуџьет ахь инеиуа аԥарақәа нас улафахәны, тәанчахәны ишыхынҳәуа иазымхәыцкәа.

Иара иазгәеиҭеит ареферендум амҩаԥгара дшақәшаҳаҭхаз атәылаҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы.

"Сара агәра згоит ҳажәлар рҟәышра иҟоу аҭагылазаашьа ишалнаго. Ҳара иаҳуалԥшьоуп ҳҳәынҭқарра ҳхәыҷқәеи ҳмоҭацәеи рзы аиқәырхара",- иҳәеит иара.

Ԥхынгәы хәба рзы аоппозициатә мчрақәа имҩаԥыргеит аизара. Еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Иара убри ауха ақалақь агәҭа, идырым шьоукы аиҿахысрақәа ҟарҵеит аресторан "Эльбрус" азааигәара. Аахақәа роуит иааидкыланы 19-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0