Занҭариа: азакәантә мҩа ҳанымлар аҳәынҭқарра ҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.
Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иацы ԥхынгәы хәба рзы аоппозициа имҩаԥыргаз аизара иазкны игәаанагара иҳәеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 6 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Сара аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ иаҳасаб ала издыруа уи ауп, ҳаиҳабы аус ахы ахьцо дахәаԥшны, азакәан амҩа иқәимҵар, аҳәынҭқарра ҭахоит, иҳәеит Аԥсны ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иацы имҩаԥыргаз аизара иазкны игәаанагара ҳәо.

"Ҳара аԥсуа жәлар, жәларык ҳауп, ҳхыԥхьаӡара маҷуп. Аҭоурых ауадаҩрақәа, агәаҟрақәа рацәаны иаҳзаанагахьеит, ахамышҭыхә ҳҭанаргылахьеит, убри аҟынтәи ԥсыуак идымзаргьы ихӡыӡаатәуп аиҷаҳара ҳабжьазар ауп. Уи ҟамлар, ҳара миллионҩыла, жәамиллионҩыла иҟоу ажәларқәа ирылаӡо ҳалаӡаӡом. Аҳәынҭқарра ахаҿрас иамоу ажәлар роуп. Аԥсуа жәлар рдунеихәаԥшра еибаркын дара рҭоурых, ркультура, рҵас ала. Аӡәырҩы, иахьатәи аиҳабыра русушьа астиль ргәаԥхом, агхақәа ыҟоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, уажәы аоппозициаҿы иҟоу амчра рнапаҿы ианыҟаз рхаҭа агхақәа рацәаны иҟарҵеит ҳәа џьоукы ирыԥхьаӡоит", — иҳәеит Занҭариа.

Уи игәаанагарала, иахьатәи аҳәынҭқарра аусушьа згәамԥхо ауаа идиологиала, пропагандала иаҿагылар ҟалоит, аха ҭаҷкәымлеи махәҿалеи аҿагылара аарԥшра иашам ҳәа азгәеиҭоит.

Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

"Амилициа, азинхьчаратә мчрақәа ҳрыжәланы, урҭ ршьара иқәаҳҟьар иаҳнаҭои? Уи иаҳнаҭо ҳҳәынҭқарра аҵаарҟәрылара ауп. Ҳара иаҳгәаԥха иаҳгәамԥха Аԥсны амилициа аҭоурых амоуп, уи Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи аныҟаз аахыс иҳамоуп, иахьа имиӡеит, унеины ургәыдлар иашам. Аминистр иусураҿы еихьӡарак имамкәа дыҟоума, уи дааижьҭеи ашәарҭадара еиӷьхеит ҳҳәо ҳаҟаӡами. Уи гхак имазар ҭынч иоуҳәар ауеит, иахьа уи илбааҳәара ҳалагар, уаҵәы даҽаӡәы илбааҳәара ҳалагар ҳабакылнаго ҳара?", — ациҵеит уи.

Владимир Занҭариа иажәақәа рыла аҭагылазаашьа аиӷьтәразы аҟәышра, аҿынкылара раарԥшра аҭахуп. 

"Иахьа, анцәа имч ала, ашьакаҭәара ҟамлакәа ҳаилгеит, ахысрақәа ыҟан, аха ахысра азин аӡәгьы имаӡам", — иҳәеит Занҭариа.

Аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0