Ареферендум амҩаԥгаразы иахәҭоу зегь ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб имҩаԥигеит абрифинг.
Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб имҩаԥигеит абрифинг. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб имҩаԥигеит абрифинг.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иаԥиҵеит иахәҭаны иҟаз аҭагылазаашьақәа зегьы ареферендум амҩаԥгаразы, убри инамаданы иара аҽа рыцхәк ахь аиагара ҵаҵӷәыдоуп, иҳәеит аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

"Аоппозициа адҵа ҟанаҵеит заанаҵтәи атәыла Ахада иалхразы ареферендум мҩаԥгахарц. Рауль Ҳаџьымба уи дақәшаҳаҭхеит. Аха аҩаша, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьа атәыла анапхгара адҵақәа рыҭаразы аҽԥышәара мҩаԥысит. Уи аполитикатә кризис ахь уназго мҩаны иҟоуп", — иҳәеит Амқәаб.

Иара иажәақәа рыла аоппозициа адҵақәак атәыла Ахадагьы дрықәшаҳаҭхеит, иаҳҳәап зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира.

Аиҳабыра рхада иазгәеиҭеит атәыла анапхгара ирылшо зегьы шыҟарҵо атәылауаа асоциалтә ҭышәнымыртәалара иацәыхьчахарц.

Атәылаҟны иҟоу акреминогентә ҭагылазаашьазы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵо Аминистрцәа Реилазаара аиҳабы иҳәеит абри аусхк аҟны ауадаҩрақәа шыҟоу, аха иара убри аан ацәгьоурақәа раарԥшра еиҳа ишеиҳахаз..

2016 шықәса хәажәкырамзазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны ацентртә алхратә комиссиахь инарышьҭит атәыла Ахада заанаҵы еиҭалхразы ареферендум амҩаԥгара шырҭаху азы ашәҟәы. Ԥхынгәы 1 азы Рауль

Ҳаџьымба уи дшақәшаҳаҭу азы адҵа инапы аҵаиҩит. Ареферендум мҩаԥгахараны иҟоуп ԥхынгәы 10 2016 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0