АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа ақалақь Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ақалақь амшныҳәа аҽазыҟаҵара шцо атәы. Лара илҳәеит астадион "Динамо" аҟны имҩаԥысраны иҟоу ақәыргылара хәышәҩык рҟынӡа ауаа шалахәхо.
Аҟәа ақалақь Ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа иазгәалҭеит ауснагӡатә ахықәкы ақалақь аҭоурых аиҭаҳәара шакәу.
"Ҳара концертӡам имҩаԥааго. Ҳақәгылара атеатртә ҟазшьа амоуп. Ақалақь аҭоурых иазкуп. Ахореографиеи, адраматә театр артистцәа рыхәмарреи рыла иааҳарԥшыр ҳҭахуп абри атема. Иҳалшо ахәаԥшҩы ахә ишьап", — лҳәеит лара.
Наала Хашыгԥҳа иазгәалҭеит ақәгылара хәҭа-хәҭала ишышьақәгыло.
Апрограмма абасеиԥш еихшоуп: "Диоскуриа", "Римтәи алегионерцәа", ҳәарада Аԥсҳа Леони Османтәи аимпериа аамҭеи уи иашьҭанеиуа егьырҭ аамҭақәеи зегьы аарԥшхоит ҳәа дазааҭгылан илҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Наала Хашыгԥҳа илҳәеит аҽазыҟаҵарақәа мызкы иназынаԥшуа ишаҿу.
"Мызкала иуадаҩуп асеиԥш зымҽхак ҭбаау апроект амҩаԥгара. Уахи-ҽни аусура ҳаҿуп", — лҳәеит лара.
Наалы Хашыгԥҳа лажәақәа рыла Аҟәа 2500-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит ԥхынгәы 9 — 10 рзы.
Наала Хашыгԥҳа иазылыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу аныҳәақәа ақалақь ауааԥсыра рзы ишхымԥадатәиу.
"Аҟәа ақалақь Амш ашьақәырӷәӷәаразы акомиссиа аԥҵан 2015 шықәса рзы. 2015 абҵарамзазы имҩаԥган уи амш алкааразы анаука-практикатә конференциа "Древняя Диоскуриада".
Ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсуа музеи аҟны имҩаԥгаз анаука-практикатә конференциаҟны ишьақәдырӷәӷәеит ақалақь Амш ԥхынгәы раԥхьатәи асабшазы имҩаԥгалазарц.