00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рҵакы: Очамчыра араион арратә комиссар иҿцәажәара
13:19
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №4 еиҭашьақәыргылоуп зыхьӡ ахәу аҭаацәа рыбзоурала
13:22
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Владислав Арӡынба изку ацәыргақәҵа араионқәа рҿы: аусмҩаԥгатә иазку ахҳәаа
13:43
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәаҟа иааит атуристтә дәыӷба "Риҵа" апассаџьырцәа аманы: аихамҩа анџьныр хада иҿцәажәара
13:46
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Взаимный интерес
Проект "Российский учитель за рубежом" в Абхазии
14:44
25 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуеи ақырҭуеи делегациақәа Гал еиԥылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал ԥхынгәы 6 рзы имҩаԥысит ақырҭуеи аԥсуеи делегациақәа реиԥылара.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал ԥхынгәы 6 рзы имҩаԥысит ақырҭуеи аԥсуеи делегациақәа реиԥылара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа: 2007 шықәса рзы Галтәи араионтә алхратә комиссиа аиҳабы Давид Сигуа иӷьычра, Атәылахьчара аминистрра аусзуҩ Едуард Еминзаде ишьра уҳәа иреиԥшқәаз. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҟәшаҿы.

"Аҭагылазаашьа ахцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа. Ишьҭыхын азҵаара Гал араион аҟны иаарԥшыз абџьарҵәахырҭа аганахьала. Ашәарҭадаратә маҵзура иамоу адыррақәа рыла уи аззырхиаз Қырҭтәылатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа роуп", ҳәа аҳәоит иҳауз адырраҭараҟны.

Ақырҭуа ган акәзар ишьҭнахит лаҵарамза 19 2016 гшықәса рзы ақырҭуа-аԥсуа ҳәааҟны аҭыԥ змаз, Қырҭтәыла атәылауаҩ Гигла Отхозориа ишьра.

Аганқәа алацәажәеит абри ахҭыс аганахьала амҩаԥысра иаҿу ашьаусеилыргара.

"Иааидкыланы аиԥылара алҵшәақәа аман. Аганқәа иазгәарҭеит ԥхьаҟагьы абри аформат ала аиԥыларақәа рымҩаԥгара хра аманы ишыҟоу. Анаҩстәи аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Гал, нанҳәамза 2 2016 шықәса рзы", ҳәа арбоуп аминистрра адырраҭараҿы.

Ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Ҭимур Шергелиа, Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ацентртә аппарат аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Колбаиа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Галтәи араионтә ҟәша аиҳабы Гиа Чачхиани, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Ҭарба.

Ажәабжьқәа зегьы
0