Амитинг алахәылацәа аоппозициа адиалог иадрыԥхьалоит

© SputnikАмитинг алахәылацәа аоппозициа адиалог иадрыԥхьалоит
Амитинг алахәылацәа аоппозициа адиалог иадрыԥхьалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥиго акурс иадгыло ауаажәларра иазгәарҭеит аоппозициа атәылаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара хықәкны ирымоуп ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥиго акурс иадгыло ауаажәларра иазгәарҭеит аоппозициа атәылаҿ аҭагылазаашьа ашьақәҟьара хықәкны ирымоуп ҳәа. Ԥхынгәы жәаба рзы иҟалараны иҟоу ареферендум арыцхә аиҭакра хықәкны иҟаҵаны, акурорттә сезон ҵшәаауа уиала аекономикагьы аԥхасҭа аҭауа аоппозициатә мчрақәа азинеиҿкаара еиларгеит русқәа рыла ҳәа азырыԥхьаӡоит ԥхынгәы фба рзы имҩаԥысыз амитинг алахәылацәа.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы аоппазициа мап ацәнакуан атәыла амчрақәа рыҿцәажәара. Урҭ рызҵаарақәа рыӡбра азин аҳәаақәа ирҭыргоит. Иара убри аан иарбанызаалак рҽыԥныҳәа аҵаҵӷәы ӷәӷәа аманы иҟам. Амилициа аусзуҩцәа хаҵарыла руалԥшьақәа рынагӡара иалҵшәаны иалмыршахеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аанкылара. Ус шакәугьы асеиԥш иҟоу азинеилагарақәа иара аҳәынҭқарра ахаҭа аҟазаара азҵаара шьақәдырҟьар алшоит", ҳәа арбоуп амитинг алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭаҟны.

Ԥхынгәы хәба рзы Аԥсны аоппазициатә мчрақәа Рблок ахымҩаԥгашьа атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа арцәгьара иазырханы ирбоит амитинг алахәылацәа. Аҭыԥ змаз ахҭысқәа раан 17-ҩык Аԥсны атәылауаа еиуеиԥшым аахақәа рыманы ахәышәтәырҭахь инеиит.

Амитинг алахәылацәа ирыдыркылаз арезолиуциаҟны иарбоуп дара иныҭкааны атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаԥиго акурс ишадгылаҩцәоу.

Атәыла Ахада идгылаҩцәа еизеит. - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада идгылаҩцәа еизеит

"Атәылеи аконституциеи ашәарҭара иҭазыргыло аполитикатә мчрақәа рхымҩаԥгашьа ӷәӷәәала ҳақәыӡбоит. Апрокуратура хада иадаҳҵоит азакәанԥҵара инақәыршәаны азакәан иаҿагыло аумҭа ҟазҵаз ахаҿқәа рыхәҭа иақәдыршәарц. Аԥсны аоппозициатә мчрақәа Рблок аҭакзыԥхықәу ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит атәыла Ахадеи дареи реиҿцәажәара амҩа ианыларц", ҳәа арбоуп ирыдыркылаз арезолиуциаҟны.

Аҳәамҭаҟны иара убасгьы атәыла ауааԥсыра зегь рахь ааԥхьара ҟарҵоит еиуеиԥшым апровокациақәа рхы рыладмырхәырц.

Уаанӡа, аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0