Арӡынба: Аԥсны аҿиара аполитикатә ҭышәынтәалара иахьыԥшуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аекономика аминиистр Адгәыр Арӡынба.
Аԥсны Аекономика аминиистр Адгәыр Арӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аекономика аминиистр Адгәыр Арӡынба иаҳзеиҭеиҳәеит ААР (МВД) аҿаԥхьа аҭыԥ змаз азинеилагарақәа аекономика иарҭаз анырра атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аекономика аминиистр Адгәыр Арӡынба иаҳзеиҭеиҳәеит ААР(МВД) аҿаԥхьа аҭыԥ змаз азинеилагарақәа аекономика иарҭаз анырра атәы. Аекономика аҿиаразы, аинвистициақәа радыԥхьаларазы ихадараны иҟоуп аполитикатә ҭышәынтәалара, иҳәеит Аекономика аминистр имҩаԥысуаз абрифинг аҟны.

"Аполитикатә ҭышәынтәалара аныҟам аинвестициақәа рыӡбахә аҳәара ҵакыдароуп. Арахь атәымтәылатә инвестор имацара иакәӡам иаҵанакуа, аҭыԥантәи анаплакыҩгьы даҵанакуеит. Уигьы дацәшәоит иԥара абри аҩыза аҭагылазаашьа аныҟоу атәыла аекономика алаҵара", — иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла атәыла ашәарҭадара уацәшәартә иҟам. Иара иазгәеиҭеит атәыла аекономика аҿиара ишаҿу, ԥырхага дук амоур шықәсқәак рышьҭахь атәылауаа рҭагылазаашьа иахьаасҭа акырӡа ишеиӷьхо.

Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. - Sputnik Аҧсны
Атәыла Ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

Иара убасгьы иҳәеит иаарласны Аҟәатәи ахшзауад аусура иалагараны ишыҟоу, Очамчыра араион аҟны иаадыртраны ишыҟоу арԥхага-уҭраҭыхааӡарҭатә комплекс.

Уаанӡа, аҩашаҽны, ԥхынгәы хәба рзы Аҟәа ақалақь аҟны аоппозициа аганахьала еизаз дҵаны иқәдыргылон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба имаҵура дамхзарци зыҿҳәара иахыԥахьоу апаспортқәа рыла абжьыҭира азин ҟарҵарци.

Убри инацҵаны дҵаны иқәдыргылон Урыстәыла аҵакырадгьыл аҿгьы ареферендум амҩаԥгаразы абжьыҭирҭа ҭыԥқәа аартхарц.

Атәыла Ахада идҵала Леонид Ӡаԥшьба аусҭҵаарақәа ирҿнаҵы инапынҵақәа рынагӡара аанкылоуп. Абри аамҭазы уи инапынҵақәа неигӡоит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Борис Абитов.

Ажәабжьқәа зегьы
0