АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ԥхынгәы 10 амш актәи азыбжазы абжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара 725-ҩык роуп иҟоу иҳәеит апресс-конференциаҟны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаӷәуа.
Баҭал Табаӷәуа иажәақәа рыла Аҟәа араион аҟны, 39 769-ҩык зыбжьы зҭираны иҟаз асиа иахьаныз абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа рахь инеиит 166-ҩык, Гәдоуҭа араион аҟны 24 419-ҩык рҟынтәи 150-ҩык, Гагра араион аҟны 174-ҩык 26 747-ҩык рҟынтәи, Гәылрыԥшь араион аҟны 87-ҩык 12 110-ҩык рҟынтәи, Очамчыра араион аҟны– 62-ҩык 15 712-ҩык рҟынтәи,Тҟәарчал араион аҟны – 25-ҩык 6 663-ҩык рҟынтәи, Гал араион аҟны – 340-ҩык рҟынтәи аӡәы.
Асааҭ 12:00 рзы бжьыҭира инеиз рхыԥхьаӡара иартәеит 0,54%.
Баҭал Табаӷәуа иажәақәа рыла иара ихаан асеиԥш ауаа абжьыҭира имнеиуаны игәалашәом.
Ареферендум иақәхарџьуп 8,5 миллион мааҭ аԥара.
Аԥшьгаратә гәыԥ ишьақәнаргылаз ашәҟәқәеи еизнагаз ауааԥсыра рнапынҵақәеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны 2016 шықәса хәажәкырамзазы Ацентртә алхратә комиссиа иадгалан ареферендум амҩаԥгаразы арзаҳал.
Атәыла Ахада идикылаз Адҵала ареферендум мҩаԥысраны ишьақәыргылан ԥхынгәы жәаба.