Гагра араион алхратә ҭыԥқәа рҟны асааҭ 12-нӡа ауааԥсыра рааира кәадан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион алхратә ҭыԥқәа рҟны асааҭ 12-нӡа ауааԥсыра рааира кәадан
Гагра араион алхратә ҭыԥқәа рҟны асааҭ 12-нӡа ауааԥсыра рааира кәадан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны асааҭ 12 рҟынӡа рыбжьы рҭиит 210-ҩык алхыҩцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион аҟны ареферендум азы абжьыҭира мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа хәба рҟны. Аабатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа хԥа. Акы аартуп Лӡаа ақыҭан, ҩба Пицунда ақалақь аҟны.

Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа хәба. Ҩба аартуп Алаҳаӡыхь ақыҭан, хԥа Бзыԥҭа. Ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа хԥа. Акы аартуп Ԥсахара ақыҭан, егьи асовынхара "Аӡаԥшь" аҟны, даҽакы Гагра ақалақь ахәбатәи аиланхарҭаҟны.

Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа ԥшьба. Урҭ аартуп Кьехьыриԥа ихьӡ зхыу атехникум аҟны, амедицинатә ҵараиурҭаҟны, аԥсшьарҭа ҩны "Мидель", иара убас Багрыԥшь ақыҭан.

Ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит алхратә ҭыԥқәа жәаха, ԥшьба аартуп Цандрыԥшь аҳаблан, акака Хышха, Ҳашԥсы, Гьечрыԥшь, Мкьалрыԥшь ақыҭақәа рҟны, Маҳадыр ақыҭан иаартуп хԥа, ҩба аартуп Лаԥсҭарха ақыҭан.

"Аиашазы, асааҭ 12 рҟынӡа ҳара ҳалхратә ҭыԥ ахь иааиз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рацәамызт. Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада, аҩбатәи алхратә ҭыԥ аҟны, сиала иарбоуп 1 640-ҩык алхыҩцәа, урҭ рахьтә макьаназы зыбжьы зҭииз 10-ҩык роуп", — ҳәа азгәалҭеит 11-тәи алхратә ҭыԥ хада, а-2-тәи алхратә ҭыԥ акомиссиа ахантәаҩы Кристина Багаҭелиаԥҳа.

Алхратә ҭыԥқәа зегьы аартын, ашьыжь асааҭ быжьба рзы. Гагра араион алхратә ҭыԥ хадақәа зегьы рҟны сиала рыбжьы рҭиирц рылшоит 26 нызқьи 317-ҩык алхыҩцәа.

Асааҭ 12 рзы, алхратә ҭыԥқәа зегьы рҟны рыбжьы рҭиит 210-ҩык. Иаҳҳәозар, аабатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рҟны, иааизакны асиа иарбоу 4 577-ҩык, урҭ рахьтә рыбжьы рҭиит 26-ҩык алхыҩцәа.

Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рҟны, асиа иарбоу 5 167-ҩык рахьтә, рыбжьы рҭиит 36-ҩык. Ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рҟны, асиа иарбоу 4 480-ҩык рахьтә рыбжьы рҭиит 18-ҩык.

Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рҟны, асиа иарбоу 7 093-ҩык рахьтә, рыбжьы рҭиит 69-ҩык алхыҩцәа. Ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа алхратә ҭыԥқәа рҟны, асиа иарбоу 5 000-ҩык рахьтә, рыбжьы рҭиит 61-ҩык.

Алхратә ҭыԥ хадақәа рхантәаҩцәа излазгәарҭаз ала, алхратә ҭыԥқәа рҟны, абжьыҭира мҩаԥысуеит еилагарада.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0