Абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа аркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбжьыҭирҭатә ҭыԥқәа аркуп.
Абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа аркуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 10 рзы асааҭ 7:00 инаркны 20:00 рҟынӡа имҩаԥысуаз ареферендум аҟны Аԥсны атәылауаа аҭак ҟарҵон зҵаарак: "Аԥсны Ахада заанаҵтәи иалхрақәа аҭахуп ҳәа ишәыԥхьаӡома?"

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Владимир Бегунов. Ареферендум азы абжьыҭирҭатә ҭыԥқәа зегь аркны абыжьқәа рыԥхьаӡара нап аркуп. Ареферендум мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡахоит алхыҩцәа рҟынтәи 50% аҽаӡәы дацны рыбжьы рҭиир, иҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаӷәуа. Сгәанала ареферендум мҩаԥымсит ҳәа уҳәар ауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥшьашаҽны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаӷәуа иазгәеиҭеит асиа ишану 133 202 –ҩык Аԥсны атәылауаа. Иара иҳәеит ареферендум аҟны убжьы уҭиир шалшо Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рыла, уахьҭаҩу аҭыԥ аҟны. Уаанӡа Амиинистрцәа Реилазаара ԥхынгәы 10 рҟынӡа зыҿҳәара иахыԥахьоу атәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара иацырҵахьан.

Амҽыша, асааҭ 7:00 рзы атәыла иахьаҵанакуа иаатит 10 151 бжьыҭирҭатә ҭыԥ.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Баҭал Табаӷәуа. - Sputnik Аҧсны
Табаӷәуа: ареферендум мҩаԥысит ҳәа ҳазҳәом

Табаӷәуа иажәақәа рыла ареферендум амҩаԥысшьа ахылаԥшра аҭара иақәшаҳаҭхеит "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум". Аполитикатә партиа ахылаԥшцәа рсиақәа азнархиеит. Урҭ ареферендум амҩаԥысшьа хылаԥшра арҭон. Амш ахы-аҵыхәала еилагарак ыҟаны ашәҟәы иҭагаламызт.

Алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа ражәақәа рыла асеиԥш алхыҩцәа абжьыҭирахь имнеиуа ргәалашәом.

Апресс-конференциаҟны (12:30) Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы иҳәеит ареферендум иақәхарџьуп ҳәа 8,5 миллион мааҭ, аха настәи апресс-конференциаҟны (18.00) иазгәеиҭеит ишьҭихыз адокументқәа инарықәыршәаны уи 9,5 миллион мааҭ шартәо.

Асааҭ 18:00 рзы рыбжьы рҭихьан 1 322-ҩык. Уи процентла иартәоит 0,99 %.

Ареферендум алҵшәақәа рыларҳәараны иҟоуп ԥхынгәы 10 рзы.

Аԥшьгаратә гәыԥ ишьақәнаргылаз ашәҟәқәеи еизнагаз ауааԥсыра рнапынҵақәеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны 2016 шықәса хәажәкырамзазы Ацентртә алхратә комиссиа иадгалан ареферендум амҩаԥгаразы арзаҳал.

Атәыла Ахада идикылаз Адҵала ареферендум мҩаԥысраны ишьақәыргылан ԥхынгәы жәаба.

Ажәабжьқәа зегьы
0