АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Имҩаԥысыз ареферендум алҵшәақәа иккаӡа иаадырԥшит ауааԥсыра аоппозициа ишазыҟоу, иҳәеит Аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" ахантәаҩы Даур Аршба.
"Ауаа ибзианы иргәалашәоит иахьатәи аоппозициа амчраҟны ианыҟаз румҭақәа", — иҳәеит ииара.
Даур Аршба иазиԥхьаӡоит урҭ атәыла асоциал-економикатә ҿиаразы иарбанызаалак аекономикатә ҭагылазаашьа маншәалақәа рхы иадмырхәеит ҳәа.
"Урыстәылантәи афинанстә цхыраара харҭәааны иҳауан. Усҟан акризисгьы ыҟамызт, амааҭгьы ӷәӷәаны иԥхьаӡан", — иҳәеит Аршба.
Даур Аршба агәра ганы дыҟоуп Аԥсны атәылауаа ареферендум аидеиа изадымгылаз иахьатәи атәыла анапхгара русура аамҭа шыуадаҩу ахьеилыркаауа азоуп ҳәа.
"Ауаа ибзианы еилыркаауеит шықәсыбжак ала улшара шырацәамхо. Уи адагьы иумбарц залшом жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ауадаҩра, уи ҳаргьы анырра шаҳнаҭо. Адунеитә кризис Аԥсны иаҩымсит. Урыстәыла аганахьала асанкциақәагьы ҳәарада ҳаргьы ҳрыҵаркит", — иҳәеит аполитик.
"Ҳара иаадыруан ҳауаажәлар ареферендум ишазыҟаз. Уаанӡа имҩаԥаагахьан араионтә конференциақәа, иҭаҳҵаауан агәаанагарақәа. Аизара ду аан апартиа алахәылацәа иазгәарҭеит ареферендум рхы шаладмырхәуа, иара убри аан уи амҩаԥгара иадгылоз ргәаанагара пату ақәаҳҵон, уи азы азин рымоуп ҳәа иҳаԥхьаӡон", — иҳәеит Аршба.
Даур Аршба иԥхьаӡоит ареферендум амҩаԥгара ҵаҵӷә дук аман иҟамызт ҳәа.
Иара игәаанагарала атәыла Ахада иман алшара ареферендум амҩаԥгара мап ацәикырц, аха ус иҟаимҵеит.
"Мап акразы амзызқәа рацәаны иҟан аха атәыла Ахада аҭынчра аҭышәныртәаларазы дақәшаҳаҭхеит ареферендум амҩаԥгара. Аҵыхәтәантәи амш азы аоппозициа мап ркуеит ареферендум аххь анеиразы. Уи рацәәак исзеилкаауам", — иҳәоит иара.
Ареферендум аҟны атәыла ауааԥсыра рҿаԥхьа иқәгылан зҵаарак: "Атәыла Ахада заанаҵы иалхра шәақәшаҳаҭу шәақәшаҳаҭму?" ҳәа. Ареферендум зымҩаԥымсит ҳәа ишьоуп ауаа ахьымнеиз инадҳәаланы. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа адыррақәа рыла зыбжьы зҭииз рҟынтәи 750-ҩык уи иақәшаҳаҭуп, 761-ҩык аҿагылоит. 117 биуллетень ԥхасҭаны иҭадыршәит.