Гәаран уны абилеҭқәа аархәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАурыс драматә театр акассаҟны рыҭира иалагеит аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәналыԥхьоит…" ахь.
Аурыс драматә театр акассаҟны рыҭира иалагеит аиубилеитә фестиваль Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәналыԥхьоит… ахь. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа, Аурыс драматә театр акассаҟны ԥхынгәы 12 инаркны рыҭира иалагеит аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәналыԥхьоит…" ахь.

Роберт Џьапуа, Sputnik

Ашьыжь асааҭ ааба аҟалара маҷк шагыз атеатр акассахь иааиуа иалагеит аҟазара абзиабаҩцәа. Ауаа еиҳа-еиҳа ирацәахон. Уи збаз Иулиа Соловиова асиа ашьакәыргылара далагеит:

"Сара асиа шьақәсыргылоит. Аԥхьа иааиз ашьҭахь иааиз зегь асырбоит", — лҳәеит.

Акасса аартра сааҭыбжак анагыз уа еизахьаз рхыԥхьаӡара дуун. Ара иҟан аҭыԥантәи ауааԥсыра реиԥш Аԥсны асасцәагьы. Абилеҭқәа рыҭира ажәабжь иахыҵхырҭан асоциалтә ҳақәа.

"facebook аҟны избеит алаҳәара", — лҳәоит агәаран иқәгылоу Ирина.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Афестиваль аҳкәажә Хьыбла Гьерзмааԥҳа асасцәа лыдылкылоит

Аҽаӡәы, Мадина захьӡу – абилеҭқәа ахьырҭиуаз анеилыскаа акассахь аҭел сасит, — лҳәоит.

Москвантәи Аԥсны исасцәаны иаҭоу Изольдеи Наталиеи афестиваль аӡбахә аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтәи ираҳаит.

"Даара ҳаигәырӷьоит асеиԥш алшара ахьҳауз. Ҳаԥсшьараамҭаз ари иреиҳау ныҳәазар ҟалап", — рҳәоит дара.

Акасса аатит ианаамҭаз. Асааҭ жәба рзы. Агәаран иқәгылаз ауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дырԥылеит Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба.

Иулиа Соловиова лсиа акәзар даара ихәарҭахеит.

Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит ауснагӡатә даара ҭакԥхықәрала ишазнеиуа. "Иҳалшо зегь ҟаҳҵеит ауаа мыргәаҟкәа абилеҭқәа аархәартә еиԥш аҭагылазаашьа роурц", — иҳәеит иара.

Абанктә картақәа змаз ракәзар ирзаԥҵан алшара абилеҭқәа гәаранда роуразы, аха иаразнакы еилкаахеит асиа хадеи дареи еилалар шакәхоз.

"Абилеҭқәа рыҭира маншәалан еиҿкаауп. Зегьы зегь ргәаԥхоит. Иарбанызаалак зҵаарак цәырымҵыц. Ишьақәҳаргылаз аԥҟарақәа рыла зегь мҩаԥысуеит", — иҳәеит Хынҭәба.

Афестиваль асасцәа дахьқәа ракәны иааԥхьоуп аспектакль "Медеиа" арежиссиор Александр Титель, адирижер Феликс Коробов, ақәыргылаҩ Владимир Арефьев.

Афестиваль ҩ-программак рыла еиҿкаауп. Актәи амш аҽны афестиваль аҭааҩцәа ирылшоит аоператә спектакль "Медеиа" (Луиджи Керубини, ақәыргылаҩ — Александр Титель) абара, аҩбатәи амш азы аџьазтә пианист Даниил Крамери итрио "Опера. Джаз. Блюз" дрыцықәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Абилеҭқәа рыхәԥса зықьмааҭ артәоит.

"Ҷыдала амфитеатр ргылахоит. Зегьынџьарантә асценаҟны имҩаԥысуа бзианы иубарҭахоит. Убри азы абилеҭқәа рыхәԥса еиԥшуп. Азин ыҟоуп абилеҭқәа заанаҵы рҿаҵаразгьы. Сааҭк аҩныҵҟала урҭ аахәатәуп", — иҳәоит атеатр адиректор хада.

Иара иажәақәа рыла 900 рҟынӡа ҭыԥ ыҟоуп, зегьы аномерқәа рынҵоуп.

Абилеҭ аазхәаз раԥхьатәиқәа дреиуоуп Аҟәа инхо Ольга.

"Еснагь еиԥш еилахарак ҟалар ҳәа заанаҵы сааит, аха ара зегьы маншәаланы еиҿкаауп. Ахәгьы рацәоушьартә иҟам. Х-билеҭк аасхәеит, ҭаацәала аконцерт ахь ҳнеирц", — лҳәеит лара.

XV аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" сынтәа ииубилеитәуп, иҷыдоуп. Имҩаԥысуеит нанҳәа 3-4 рзы. Иара аконцерттә программақәа ҩба рыла ишьақәгылоуп. Имҩаԥгахоит Диоскураа рыԥшаҳәаҟны аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра "Аҟәа абааҟны".

Афестиваль ҩ-программак рыла еиҿкаауп. Актәи амш аҽны афестиваль аҭааҩцәа ирылшоит аоператә спектакль "Медеиа" (Луиджи Керубини, ақәыргылаҩ — Александр Титель) абара, аҩбатәи амш азы аџьазтә пианист Даниил Крамери итрио "Опера. Джаз. Блюз" дрыцықәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0