Хьыбла Гьерзмааԥҳа авидеоеимадара Аҟәа-Москва лҽалалырхәуеит

© Foto / из личного архива Хиблы ГерзмаваАоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лиубилеитә фестиваль аҟны асцена лырлашоит колхаа раҳкәажә Медеиа лхаҿрала. Афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҟны, нанҳәамза 3-4 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳаи арежиссиор Александр Тители рыбжьара авидеоеимадара мҩаԥыргоит Москвеи Аҟәеи рҟны иҟоу Sputnik апресс-центрқәа, ԥхынгәы 14 асааҭ 15:00 рзы.

Апресс-конференциа рхы аладырхәуеит Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, уи лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа, Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба, ажурналистцәа.

"Абри аҩыза аидеиа ҳазцәырҵит мызк аԥхьа. Апресс-конференциа аформат акыр иинтересуп, иара иалшоит афестиваль аӡыргара, апрограмма аиҭаҳәара", — лҳәоит Арсалиаԥҳа.

Аминистр лажәақәа рыла Хьыбла афестиваль мышқәак шагу даауеит аконцерттә программақәа лҽырзыҟалҵарц азы.

Аурыс драматә театр адиректор хада иакәзар иаҳзеиҭеиҳәеит аконцертқәа рбилеҭқәа шыҭииз.

Аспектакль ахь абилеҭқәа. - Sputnik Аҧсны
Аспектакль ахь абилеҭқәа ԥшь-сааҭк рыҩныҵҟа иҭиин

"Аурыс драматә театр акасса авралтә режим ала аус ауан. Абилеҭқәа ԥшьсааҭк рыҩныҵҟа иҭиин. Уи сара омашәа исымбаӡеит избанзар "Медеиа" аҩыза аспектакль хҭыс дууп. Араҟа акәым Москвагьы иарахьы анеира уадаҩуп", — иҳәеит Хынҭәба.

Адиректор хада иазгәеиҭеит абилеҭқәа рлагала ԥара Хьыбла лыӡбрала агәыҳалалрахь инашьҭхоит. Ахәԥсақәа ракәзар атәыла ауааԥсыра рылшарақәа ирхьырԥшын.

Афестиваль ҩ-программак рыла еиҿкаауп. Актәи амш аҽны афестиваль аҭааҩцәа ирылшоит аоператә спектакль "Медея" (Луиджи Керубини, ақәыргылаҩ — Александр Титель) абара, аҩбатәи амш азы аџьазтә пианист Даниил Крамери итрио "Опера. Джаз. Блюз" дрыцықәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Морице.

Ажәабжьқәа зегьы
0