Акорреспондент Роберт Џьапуа дрыҿцәажәеит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша анеонатолог Амра Барцыци русураҟны ԥынгылақәаны иҟоу аилкааразы.
Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аҳақьым хада ишазгәеиҭаз ала араҟа знызаҵәыкгьы акапиталтә ремонт ҟарымҵац. Ахыбра акәзар ииасыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы ахархәарахь ирыҭан.
"Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳәа еиҭакын. Убри анахыс ари ахәышәтәырҭа аӡәгьы игәалаиршәарц иҭахым. Акапиталтә ремонт зныкгьы иазумхацт. Ус, ана-ара џьара шәрақәак ҟаҳҵоит, аха уи акгьы аԥсахуам", — иҳәеит Џьапуа.
Ахәышәтәырҭаҟны аӡымҩангагатә системеи аканализациатә системеи ажәхьеит, зехьынџьара ацәаакырафҩы ҩнышәшәоит.
Ихадароу аҽа проблемакны аҳақьым хада дазааҭгылоит аматериал-техникатә база. Иуҳәар ауеит иара зынӡаск иҟаӡам ҳәа. Акызаҵәык аренген аппарати УЗИ аппарати роуп иҟоу.
"Адунеи зегь аҟны ахәыҷтәы хирургиа аҿиара амоуп, еиуеиԥшым амыругақәа рхы иадырхәоит. Иуҳәар ауеит ҳара раԥхьатәи ацхыраароуп иҳалшо ҳәа", — иҳәоит Џьапуа.
Акадырқәа рганахьала акәзар, ахәыҷтәы хирургцәа ыҟам, иҟам аспециализациа ҷыдақәа змоу аҳақьымцәагьы.
"Урыстәыла аҵара иахысыз реиҳараҩык ареспубликахь ихынҳәуам. Ҳәарада еилкаауп ус изыҟоу, аха урҭ аҵарахьы ианырышьҭуа аилаӡара рнапы аҵарыҩлароуп рҵара ашьҭахь арахь ишыхынҳәуазы", ҳәа азиԥхьаӡоит Џьапуа.
Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәшаҟны акәзар ааигәа ахәышәтәырҭа аремонт азун. Уи аганахьала ара проблема ыҟаӡам, аха уи ацынхәрас араҟагьы ицәырҵуеит аҽа ҟазшьак змоу апроблемақәа.
Анеонатолог Амра Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит ааигәа ииз хәыҷык иԥсыԥ изыламга-ҩамго дшыҟаз. Иара иаразнакы арыԥҳақәа авентелиациа рзызуа аппарат ихадыргылеит, аха уи аамҭалоуп ишихәаз.
"Арентген иаҳнарбеит ирыԥҳақәа амалыр шрымаз. Ихәлеигалоу аҳауа аҽеизнакуан, арыԥҳагьы ишахәҭоу еиԥш арахь, шьҭахьҟа аҳауа азаашьҭуамызт. Уи ацхырааразы адренажтә трубка ҭаргылатәын, уахьала аҳауа ихәылҵларц. Уи адагьы хымԥаданы иаҭахын асперационтә дренаж азы аппарат. Уи аҩыза аппарат ҳара иҳамаӡам", — лҳәеит Барцыцԥҳа.
Абасқәа раан ахәыҷы атәыла анҭыҵҟа дгатәуп лҳәеит лара.
"Ахәыҷы аперинаталтә центр ашҟа диагатәын, аха Урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәеи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаӡам. Аҭел ҳасит, аха аҭыԥ ҭацәны иҳамам рҳәеит", — еиҭалҳәоит Барцыцԥҳа.
Амра Барцыцԥҳа зыӡбахә лымаз ахәыҷы еиқәырхара залымшеит.
Ҿыцира ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы ареспубликаҟны ихымԥадатәиуп аперинаталтә центр, ҳәа агәрагара рымоуп Игор Џьапуеи Амра Барцыцԥҳаи.