Кьылба: Ҭырқәтәылатәи ахҭысқәа аԥсуаа рзы ишәарҭан

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла.
Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба Ҭырқәтәылатәи ахҭысқәа ахҳәаа риҭеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба Ҭырқәтәылатәи ахҭысқәа ахҳәаа рыҭо иҳәеит урҭ уа инхо аԥсуаа рзы ишәарҭан ҳәа.

"Ҭырқәтәыла амчра аԥсахраз аҽазышәара уа инхо ҳџьынџьуаа рзы акыр ашәарҭара аҵан. Урҭ рҟынтәи ирацәоуп арратә мчрақәа рҟны амаҵзура иахысуа, аҭыԥ ҳаракқәа змоу", — иҳәеит иара.

Кьылба иазгәеиҭеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа аҭышәынтәалара Аԥсназы аҵакы аманы ишыҟоу.

Анкара. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаҩ: Ҭырқәтәыла уажәы ҭынчроуп

Ԥхынгәы 16, ахәаша ауха Ҭырқәтәыла аҭыԥ аман абџьар ахархәарала атәылаҟны амчра ахҳәара. Асабша ашьыжь аруаа дырҭаслымуа иалагеит. Атәыла анапхгара алаҳәара руит амчра рнапаҿы ишыҟоу ала.

Азинмчрақәа иахьазы иааныркылахьеит 6000-ҩык рҟынӡа арратә чынқәа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа инарықәыршәаны иҭахеит 290-ҩык ауааԥсыра. Ҭырқәтәыла анапхгара аҭыԥ змаз ахҭыс зхароу ҳәа ихьӡ рҳәеит аоппозиционер Фетхуллах Гиулен, ЕАШ (США) инхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0