Руслан Ҳашыг: Шеремет Аԥсназы ииҳәоз иашан

Анапаҵаҩра
Еицырдыруаз ажурналист Павел Шеремет дҭахеит Киев, ԥхынгәы 20 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруаз ажурналист Павел Шеремет Аԥсны аҭагылазаашьа даналацәажәоз аиаша акәын ииҳәоз, ҳәа ҳаиҳәеит "Абаза-ТВ" адиректор Руслан Ҳашыг.

"Иареи сареи ҳаибадырит 2002 шықәса, аԥхынразы. Усҟан иара Актәи аканал адҵала Аԥсны иазкны адокументалтә фильм аҭыхразы арахь дааны дыҟан. Журналистк иаҳасабала раԥхьаӡа акәноуп арахь дшааз. Сара усҟан атәыла Ахада Владислав Арӡынба ипресс-маҵзураҟны маӡаныҟәгаҩыс сыҟан. Шеремет Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа ныҭкааны ибартә еиԥш иусушьа еиқәыршәатәуп ҳәа аӡбра ҳадкылан", — иҳәоит Ҳашыг.

Павел Шеремет дҳаҳәеит аҭагылазаашьа шиашаҵәҟьоу аарԥшра алиршартә еиԥш ҳизныҟәарц иҳәоит Ҳашыг.

"Аиашаз, ҳашиқәгәыӷуаз аҵкысгьы аобиективра злаз адокументалтә фильм "Абхазия — потерянный рай" ҭихуеит. Исгәалашәоит афильм анҭыҵ ашьҭахь џьоукы-џьоукы ахьӡ ишақәшаҳаҭмыз, "избан иӡыз џьанаҭ, иаҳҳәап еиҭаҿиоу џьанаҭ захьӡым", ҳәа шырҳәоз. Аха уи баргәрак алаӡам. Адокументалтә фильм иафырхацәа хаданы иаарԥшын атәылаҟны еицырдыруа Станислав Лакоба, Гиви Агрба, Гиви Смыр, уҳәа егьырҭгьы", — иҳәоит Ҳашыг.

"Афильм анҭыҵ ашьҭахь Шеремет Қырҭтәылан персона нон-грата ҳәа рыларҳәеит. Исзеиҭеиҳәахьан ирацәаҩны аҭел ишизасуаз, иобиективра рхы шрыхнахуаз", игәалаиршәоит иара.

Ҳашыг иажәақәа рыла Шеремет Аԥсны уаанӡагьы дадҳәалан.

"Ҳаицәажәараан аинтерес зҵаз ҭоурыхк шьақәҳаргылеит. Дхәыҷны, иҭаацәа дрыцны Аԥсныҟа ԥсшьараҳәа данаалоз урҭ аангылалозаарын Афон Ҿыц, Матуа Вадим иҭаацәараҿы".

Афильм анҭыҵ ашьҭахьгьы Павел Шеремет Аԥсныҟа лассы-лассы даалон. Аӡәырҩи иареи аиҩызара рыбжьан.

"2006 шықәса рзы ателерадиоеилахәыра "Абаза-ТВ" апроект ианалага сара ааԥхьара исҭеит ажурналистцәа ҿарацәа рзы атренингқәа мҩаԥигарц. Абарҭқәа рышьҭахь иҭижьит ашәҟәы: "Путеводитель по Абхазии". Ҳәарада, Павл Шеремет иҭахара сара сзы акыр игәыхьуп", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Павел Шеремет – жәашықәса инарзынаԥшуа Урыстәылатәи ателехәаԥшраҟны аус иуан. Аҵыхәтәантәи хәышықәса Киев дынхон, аус иуан "Украинская правда", иара убасгьы "Радио Вести" рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0