Аректор: арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара маҷӡоуп

© SputnikАԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит "Иаарту ашәқәа".
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысит Иаарту ашәқәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны иахьа, ԥхынгәы 20 рзы имҩаԥысит "Иаарту ашәқәа".

АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ААУ аректор Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит сынтәа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭаларазы иалагалоу арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара уаанӡа еиԥшымкәа ишмаҷу.

Ҳәарада уи ахатәы мзызқәа амоуп.

"Акы – сынтәа аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 400-ҩык рыла еиҵоуп, аҩбатәи – ирацәаҩуп Урыстәылаҟа зхала ицаз, 149-ҩык Россатрудничество ацхыраарала Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалаз", — иҳәеит аректор.

Алеко Гәарамиа иара убасгьы иазгәеиҭеит сынтәа зехьынџьара аԥышәарақәа ахьыҟалогьы ишахҟьаз аҭагылазаашьа.

"Ҳара аиҿцәажәарақәа ракәымкәа аԥышәарақәа мҩаԥаагоит ҳәа рылаҳҳәеит. Иҟалап уи иахҟьазаргьы", — иҳәоит иара.

Аректор иажәақәа рыла атехникатә занааҭқәа рахь инеиуа рхыԥхьаӡара акыр имаҷуп.

"Сара ажәалагала ҟасҵеит апрофильтә классқәа раԥҵаразы, аха макьаназы еиҭакра ыҟам. Аҳәынҭқарратә бызшәа аԥыжәара ахьарҭо бзиоуп, аха уи адагьы азанааҭ ҷыдақәа акыр ирызхьаԥштәуп", — иҳәеит иара.

Аректор еизаз абитуриентцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа ирзыԥшу аԥышәарақәа рҟны.

"Иҳараку, ибзиоу аҵара шәоур шәыжәлари шәыԥсадгьыли рзы шәхәарҭахоит", — иҳәеит Гәарамиа.

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭаларазы арзаҳалқәа аларгалеит 632-ҩык абитуриентцәа, 2015 шықәса рзы 850-ҩык ыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0