Спартак игәазыҳәарақәа наӡар алшоит

© Sputnik Анжелика Бения Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Спартак Ԥачлиа.
Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Спартак Ԥачлиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит ДЦП ачымазара змоу Спартак Ԥачлиа.

Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik

Аԥсны Ахада иԥылара, афото ицҭыхра – ДЦП змоу Спартак Ԥачлиа игәазыҳәарақәа ируакны иҟан.

"Сара абри ахҭыс сазыԥшын. Исҭахыз наӡеит. Атәыла Ахада сахьидгыло афотосахьа сахьышьҭало ауада аҭӡамц аҟны икнасҳауеит", — иҳәеит Спартак.

12 шықәса зхыҵуа Спартак ишьапқәа адабла рымоуп. Атәыла Ахада диԥыларц азы агәаҳәара шимаз атәы иҳәеит ихәышәтәразы аԥареизгара иазкыз аролик аҟны. Мчыбжьык ааҵаанӡа ахәыҷы игәаҳәара ҟалеит.

"Уаԥхьаҟа зегь шыманшәалахо агәра га. Ашьапылампыл матчқәагьы акыр узыԥшуп. Агәра згоит ухәышәтәра ашьҭахь аҩрагьы аԥарагьы шулшо. Ампыл ҳаицасыртәгьы иҟалашт", — иҳәеит Ахада.

Спартак Рауль Ҳаџьымба изеиҭеиҳәеит ашьапылампыл бзиа ишибо, игәабзиара шьақәгылар, ветеренарс дҟалар шиҭаху, аԥстәқәа рыхкыдкыларҭа аартра дшазыԥшу.

"Агәра згоит иуҭаху зегьы шыҟало, угәы ззыҳәо аԥстәқәа рыхкыдкыларҭагьы уара ухаҭа аартра ушалахәхо. Зхы агәра зго ауаҩы иааиҭаху зегьы ҟалоит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Спартак Ԥачлиа. - Sputnik Аҧсны
Спартак Ԥачлиа ацхыраара иҭахуп

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Рауль Ҳаџьымба Спартак инапы иаиркит аҳамҭа, "Атәыла Ахада иҟынтәи" ҳәа аҩыра зныз асааҭ.

Спартак иан Елисо Гвилава лажәақәа рыла ари аиԥылара Спартак дазыԥшижьҭеи акыр ҵуан.

"Ари аиԥылара схәыҷ изы аҵак ду амоуп. Ихы игәы азҭанаҵоит. Арахь данаауаз ииҳәашаз атәы дазхәыцуан. Даара иҭахын атәыла Ахада ифото ицҭихырц", — лҳәоит ан.

Афонд "Ашана" аусзуҩы Мактина Џьынџьалԥҳа илҳәеит ДЦП змоу Спартак хымԥада ахәышәтәра дшахыжьтәу. Уи азы еизгатәуп 347 000 мааҭ.

Спартака москватәи аҳақьымцәа ихәаԥшит, лаҵарамзазы. Урҭ ирҳәеит ахәыҷы Москва, НПЦ аҟны ахәышәтәра дшахыжьтәу.

Аҳақьымцәа ражәақәа рыла ахәыҷы ианиаамҭоу ацхыраара имоур акьыл шимоу даанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0