Адыга ҭыԥҳа Амра Џьамре Жаде жәышықәса раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа анхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаа дреиуоуп. Лара лабду иабду амҳаџьырра дахнагеит, Кавказ ажәларқәа рхырҵәара ашықәсқәа раан.
2005 шықәсазы Амра Џьамре Жаде лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даартә еиԥш алшара лоуит. Маиҟәаԥ дыҟанаҵ акырӡа аматериалқәа еидылкылеит. Урыстәылатәи аҵара асистема илылнаршомызт адоктортә диссератациа ахьчара Маиҟәаԥ, уи аҟнытә Ҭырқәтәылаҟа деиҭахынҳәит.
"Ҭырқәтәыла саныхынҳә ашьҭахь аԥсуа диаспора аусура акыр сазҿлымҳан. 2006 шықәса анҵәамҭазы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит, сытәнатәит иаразнак Аԥсны. Ара аҳауеи, аԥсабареи аҽакуп зынӡа, ауаа гәыкала исзыҟалеит. Аԥсны санааи ахԥатәи амш азы абанкет ыҟан, уаҟа ҳаибадырит Максим Ӷәынџьиеи сареи. Иара ус сеиҳәеит, "аԥсуа арепатриациа аусураҿы апроблемақәа рацәаны иҟоуп, асоциологцәа маҷны иҳамоуп, арахь нхара ҳәа баар усурала беиқәҳаршәоит, аус булоит, аҭҵаарагьы бнапы алакызаауеит, абызшәа бҳарҵоит "ҳәа. Сара уи сазхәыцит, акыр џьара Аԥсны сзацхрауаазар исылшо ала, мап скәам, аха хымыз рышьҭахь саауеит сҳәеи, ус иагьыҟасҵеит", — ҳәа илгәалалыршәоит Џьамре Жаде Аԥсныҟа лаара шыҟалаз атәы.
Џьамре Жаде аԥсуа абызшәа аҵаразы дныҟәон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкааз аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь. Лара лажәақәа рыла, уи маҷын лара лзы аԥсуа бызшәа ирласны илҵаразы.
"Аԥсуа бызшәа аҵаразы аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь сныҟәон, аха уи сызхаӡомызт, ацәажәара сҭахын, ашьҭахь сҩыза Лиза Қәҭарԥҳа лыҩныҟа ишызымоз сылгеит, лҭаацәа зегьы аԥсышәала мацара акәын ишцәажәоз уи аҟнытә ирласны аԥсшәа сҵоит ҳәа хшыҩзышьҭра алҭеит лара. Фымыз рышьҭахь аԥсшәа еилыскаауа сҟалеит, аамыз рышьҭахь раԥхьаӡа акәны аԥсышәала сцәажәеит. Уи ҟалеит август 14 аҽны, аҿар рхаҭарнакцәа агәалашәаратә акциа анеиҿыркаауаз. Уи аҽны ауп сара аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент аԥсышәала дансыҿцәажәа", — ҳәа дызгәдууны илҳәоит лара.