Џьансыхә Чамагәуа игәалашәараз ахәылԥаз мҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьансыхә Чамагәуа игәалашәараз ахәылԥаз.
Џьансыхә Чамагәуа игәалашәараз ахәылԥаз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа игәалашәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥыргеит артист иҩызцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа 50-шықәса ихыҵраан агәалашәаратә хәылԥаз "Амузыка – сара ислахьынҵоуп" мҩаԥыргеит артист иҩызцәа Аҳәынҭқарратә филармониаҟны.

Аконцерт амҩаԥгара аԥшьгаҩцәа руаӡәк, Динара Смырԥҳа иазгәалҭеит артист ихаҭа иубилеи азгәеиҭарц гәҭакны ишимаз, асценари ширхиахьаз.

"Иара ииубилеи амҩаԥгара иҽазыҟаиҵон. Асценаригьы ирхиахьан. Иахьатәи ҳахәылԥазгьы убри ҳақәныҟәан ауп ишеиҿаҳкааз. Иара иибарц ииҭахыз ҳәа ҳгәы иззаанагоз зегьы ааԥхьара раҳҭеит", — лҳәеит Динара Смырԥҳа.

Агәалашәаратә хәылԥазы аиҿкаара далахәын иара убасгьы иҩыза, ашәаҳәаҩ Артур Лакрба.

Амҽыша иԥсҭазаара далҵит Џьансыхә Чамагәуа

"Џьансыхә ихаҭа ииубилеитә концерт алахәылацәа рсиа ирхион. Иара даныҟамла иҩызцәа иҳаӡбеит – аконцерт мҩаԥысроуп ҳәа. Имҩаԥааго ахәылԥаз иагу аӡә иоуп – иара ихаҭа", — иҳәоит Лакрба.

Асцена иқәыҩуан Џьансыхә ирепертуар иалаз ашәақәа.

Џьансыхә Чамагәуа диит ԥхынгәы 22, 1966 шықәса рзы, Аҷандара ақыҭан.

Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ашьҭахь дҭалоит Саратовтәи аконсерваториа, нас диасуеит Ленинградтәи аконсерваториахь.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан.

Аԥсни Башкырҭысҭани Ареспубликақәа рҟны зҽаԥсазтәыз артист Џьансыхә Чамагәуа Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа аестрадатә ҟәша аиҳабы, иԥсҭазаара далҵит мшаԥымза жәаба рзы 49 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0