Ԥсоу аӡиас Гьечрыԥшь ақыҭа иалалеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаԤсоу аӡиас Гьечрыԥшь ақыҭа иалалеит
Ԥсоу аӡиас Гьечрыԥшь ақыҭа иалалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зыҩаӡара шьҭыҵыз Ԥсоу аӡиас Гьечрыԥшь ақыҭа иалалеит.

ГАГРА, ԥхынгәы 21 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Арҭ амшқәа рзы илеиуаз ақәыршыҩ иахҟьаны, Ԥсоу аӡиас аҩаӡара шьҭыҵын иаԥну ақыҭа Гьечрыԥшь иалалеит. Ақыҭа Ахадара разгәаҭарақәа рыла, аӡы иҿнаӡәӡәааит 10 десҭынк рҟынӡа адгьыл. Гьечрыԥшь ақыҭа Ахада Роман Ҳарабуа иажәақәа рыла, аӡы иагаз адгьылқәа ақыҭауаа ахьықәаарыхоз ауп.

"Ԥсоу аӡиас лассы-лассы аҩаӡара шьҭыҵуеит. Аха аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, уи даҽа ҽнак еиԥшымкәа иҳаракхеит. Аӡиас аҟәара арӷәӷәаразы изныкымкәа аусурақәа мҩаԥаагахьеит аҳәынҭқарра амчала. Аха араҟа, шьаҭанкыла апроблема аԥыхразы иаҭахуп ахарџь рацәаны. Уажәазы, ҳҳәынҭқарра аиҳабыреи Гагра араион Ахадареи ҩаԥхьа иҳарҭаз ацхыраарала, атехника ҷыда ахархәарала, нап аркуп аӡышьҭра аԥсахра, аҟәара арӷәӷәара", — иҳәеит ақыҭа Ахада.

Ари апроблема цәырҵуан Ԥсоу аӡиас Урыстәыла аган аҿгьы, аха уаҟа имҩаԥгоу акапиталтә усурақәа ирыбзоураны аԥхасҭа ҟамлеит.

"Урыстәалатәи аган ала идырӷәӷәаз аҟәара иабзоураны, аӡы амч зегьы ҳара ҳахь идәықәлеит. Ҳамхқәа рнаҩс аӡы аҵаларц акгьы агым ҳашколгьы", — ҳәа ациҵеит Роман Ҳарабуа.

Гьечрыԥшь ақыҭа Ахадара иаднакылоит ақыҭақәа Ԥсоуи Ԥшоухәеи, урҭ еимаздо амҩа хадагьы изныкымкәа ари аӡиас иҿнаӡәӡәаахьеит.

Роман Ҳарабуа иажәақәа рыла, иахьа имҩаԥысуа аусурақәа ҩбаҟа шықәса ари апроблема аԥыхра алдыршоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0