Аҳәынҭқарратә инспекциа аилагарақәа аадырԥшит

© Sputnik Роберт ДжопуаАҟәатәи абухҭаҟны имҩаԥган урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаҩцәа рреид.
Аҟәатәи абухҭаҟны имҩаԥган урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаҩцәа рреид. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абухҭаҟны имҩаԥган урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаҩцәа рреид.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 – Sputnik. Аҟәатәи абухҭаҟны имҩаԥган урыстәылатәии аԥснытәии аҳәаахьчаҩцәа рреид. Зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциеи, Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи Аԥсны аҳәаахьчаратә отриади Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура афедералтә усбарҭеи еицымҩаԥыргаз ареид аан иаарԥшын аилагарақәа.

Абри атәы иҳәеит зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩы Давид Ткебучава.

"Ари ауснагӡатә мҩаԥган зышәагаа кьаҿу аӷбақәа Аԥсны амшынтә ҵакыраҟны ишьақәыргылоу арежим иқәныҟәоу иқәымныҟәоу аилкааразы. Агәаҭараан ӷбак гәаҳҭеит. Иҟан аилагарақәа. Абри афакт инақәыршәаны иахәҭаз аԥкаанҵақәа еиқәыршәан, аекипаж ирацәажәан", — иҳәоит Давид Ткебучава.

Ткебучава иазгәеиҭеит ареидқәа реицымҩаԥгара мызкахь знык иеиҵамкәа рымҩаԥгара шахәҭоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны.

"Ареидқәа ирхықәкуп зышәагаа кьаҿу аӷбақәа зхатәу рганахьала аилагарақәа раарԥшра, урҭ аӡаҟны ашәарҭадара рықәымныҟәара", — иҳәеит иара.

Зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциеи, Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи имҩаԥгоу агәаҭарақәа реихшьаалақәа ахәшьара бзиа арҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0