Иури Кәарцҳьиа: Гәдоуҭа араион еиҳарак ауҭраҭых ауп иаадрыхуа

© Sputnik / Томас ТхайцукГәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ахада иҳаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.
Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ахада иҳаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауҭраҭых аарыхраҿы ауп еиҳа Гәдоуҭа араион анхацәа аџьабаа ахьырбо, урҭ рхыԥхьаӡара есышықәса еизҳауеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Гәдоуҭа араион ақыҭа нхара знапы алаку анхацәа рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, уеизгьы аџьабаа збо рацәоуп, дара еиҳарак ауҭраҭых аарыхраҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илеиҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ахада иҳаҭыԥуаҩ Иури Кәарцхьиа.

"Ақыҭанхара акыр аџьабаа ацзаргьы, уи знапы алазкуа рхыԥхьаӡара есышықәса еиҳахоит. Гәдоуҭа араион аҟны сынтәа ауҭраҭых ҟазҵаз рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Заа атеплицақәа рҿы иҟазҵаз ыҟоуп. Уажәазы иаарту адгьыл аҟны иқәаарыхоит. Иара убас, акарпыжә ашьынка ҟазҵо рацәахеит. Иааидкыланы, ауҭраҭых аарыхраҿы ауп еиҳа Гәдоуҭа араион аџьабаа ахьырбо", — ҳәа иҳәеит Кәарцхьиа.

Иури Кәарцхьиа иажәақәа рыла, ауҭраҭых аарыхыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит, избанзар аҳәаа иахыганы иаарго аалыҵқәа рхаҭабзиара ахьыргәамԥхо азы.

"Митәык иаҳгәаԥхом нхыҵынтә иаарго, уи аҟынтә аҩны иааурыхуа, еиҳа ишеиӷьу ахшыҩзышьҭра аҭаны анхарахь рхы дырхеит аӡәырҩы. Егьа аамҭа уадаҩ ҳақәшәеи ҳҳәеит, аха Гәдоуҭа араион макьана ԥхасҭа ҳмоукәа ҳаааиуеит, акы заҵәык ажь аԥхасҭа ахьаиуз ақыҭақәа рацәоуп, аџьықәреи иҟоу ахәыҷы бзиоу ", — азгәеиҭеит иара.

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рзы ахада иҳаҭыԥуаҩ, игәаанагарала ақыҭанхамҩа иадҳәалоу рхыԥхьаӡара еиҳа еизхалоит афинанстә цхыраара анхацәа ирыҭазар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0