Симон Агрба: аҿар аусурҭақәа рымазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСимон Агрба.
Симон Агрба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уусура шышьақәургылаша, аҿар атәыла аҿиара ацхраара шрылшаша атәы даҳзалацәажәеит аекономикеи афинансқәеи русхк аҟны азанааҭуаҩ Симон Агрба.

Симон Агрба, Сҭамԥылтәи ауниверситет Fatih-и Лондонтәи ауниверситет Greenwich-и роушьҭымҭа Sputnik акорреспондент Асида Кәыҵниаԥҳа илзеиҭеиҳәеит аҳәаанырцә дшынхози иҵара шымҩаԥысуази ртәы, дҳазрылацәажәеит Аԥсны иусура шьақәиргыларц шиҭаху.

– Симон, ҭырқәтәылатәи ауниверситет Fatih шәышԥаҭалеи?

–Башаран коллеџь саналга ҳарҵаҩцәа иҳадыргалеит Ҭырқәтәыла иҟоу ауниверситетқәа рсиа. Сара иалысхит ауниверситет Fatih. Аҵараиурҭа ахьӡ амоуп. Уа ирацәаҩуп аҳәаанырцәынтәи аҵара зҵо. Аҵаратә программа англыз бызшәала еиҿкаауп.

–Иарбан занааҭу иалухыз?

– Сара аекономика азаанааҭ алысхит. Еснагь абизнес аструктура аинтерес сыман. Актәи акурс саналга еилыскааит сдыррақәа шырҭбаатәыз. Убри азы аҩбатәи акурс аҟны аполитологиа афакультетгьы сҭалоит. Шықәсык аҩныҵҟа амаҭәарқәа 10 рҟынӡа инацҵаны сырхысуан.

– Излашәылшеи зегь реидбалара? Аԥсшьараз аамҭа шәымазма?

– Есшәахьа асааҭ ааба рзы алекциақәа ирылагон, ахәаша асааҭ хәба рзы инҵәон. Ҳәарада сааԥсон. Аха исгәаԥхон. Аамҭа анҳамаз аԥснытәи астудентцәа аиԥыларақәа мҩаԥаагон. Исгәалашәоит аҵаақәышьқьыррахь ҳанцаз, амаикақәа "Аԥсны" ҳәа рынҵаны иаҳшәын. Ауаа оумашәа ҳбаны иҳахәаԥшуан.

Художница Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Амра лдунеи лашара

– Иахьынӡаздыруа шәҵара ԥшьышықәса ицон. Амагистратура Англиа иацышәҵеит?

– Лондон аҵара сҵап ҳәа сыпланқәа ирыламызт. Германиаҟа ацара акәын сгәы иҭаз. Миунхентәи ауниверситет аҟны аҵара сгәы иҭан. Аиҿцәажәара хәымш шагыз ауп уи атәы шеилыскааааз. Ахәаша уахь сыԥрит, асабша ауниверситет аҟны аиҿцәажәара мҩаԥысит. Аха аиҿцәажәара аасҭа иԥышәарахеит. Аԥышәара иалан актәи акурс инаркны аԥшьбатәи акурс аҟынӡа ҳазхысыз. 90 балл рҟынтәи 80 уоур акәын. Сара 76 роуп исоуз. Сара сааиҵамхакәа Лондонтәи ауниверситет Greenwich ахь сышәҟәқәа сышьҭит. Уаҟа амагистратура шықәсык уахысроуп. Аусуразгьы 20 сааҭ урҭоит.

– Европатәи аҵара иарбан лшарақәоу иаанартуа?

– Сҵара ашьҭахь Лондон аангылара сгәы иҭан. Уа аԥышәа еиҳа иуоуеит. Атеориа адагьы аԥышәа аҵак ду амоуп. Исҭахын уи Аԥсны схы архәара. Араҟа иҟоуп алшара аҿар рхы аадырԥшыртә еиԥш. Сара издыруан аԥышәа сымамкәа арахь саар издыруа ахархәара шысцәыуадаҩхоз. Адырреи аԥышәеи анеицу уԥсадгьыл ахь ухынҳәыроуп. Араҟа уԥсҭазаара ашьаҭа укыроуп.

– Шәзанааҭ шәаҳзалацәажәа. Амагистратура ашьҭахь уаҟа аусура ҳәа шәзаанымгылазеи?

– Сара снапы злаку бзиа избоит. Сара с-финансиступ. Сдиссертациагьы уи ауп изызку. Астажировка ашьҭахь еиуеиԥшым аилахәырақәа рахь арзаҳалқәа насышьҭуан. Сара аԥышәарақәа еснагь иманшәалан исҭиуан. Иуадаҩыз аиҿцәажәара ахысра акәын. Уаҟа утәылауаҩра атәы авиза атәы иазҵаауеит. Иҟан аилахәырақәа атәылауаҩра ахьсымам, азы сыздызымкылаз. Евроеидгыла мамзаргьы Британиа ду уатәылауаҩымзар уаҟа аусура аԥшаара уадаҩуп.

– Ус шакәызгьы ишәҭахыз аԥышәа шәоуит.

– Ааи. Аконсалтингтә еилахәыраҟны астажировка сахысуан. Уа аинвесторцәа аус рыцыруан. Сара синвесторцәа аргылара акәын рнапы злакыз. Сгәанала аконсалтинг бзиан еиҿкаан. Англиауаа даара аусура рхы-рыԥсы арҭоит. Атәымуаа рҟынтәигьы убри аҩыза иазыԥшуп.

– Уатәи шәԥышәа Аԥсны ишәыхәома?

– Атәымтәылатә инвестор арахь данааилак акгьы дацәымшәозароуп. Уи агарантиақәа иҭатәуп. Акызаҵәык, араҟа ахатәы еиҿкаарақәа роума, аҳәынҭқарратә структурақәа роума руалԥшьақәа нагӡаны ишьақәыргылам.

– Уажәазтәи шәусура шәаҳзалацәажә.

– Уажәы аус зуеит Афонд "Апсны" аҟны. Уа даара аинтерес аҵоуп аусура, сара ишысзаанаҭымгьы. Уажәы аус адааулоит апроект "Абхазия: шаг вперед". Сара исгәаԥхоит асеиԥш иҟоу апроектқәа аус рыдулара. Иҟалоит ара саанхаргьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0