Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра Аҳәынҭқарратә думаҟны иахәаԥшуеит

© Sputnik / Сергей Кузнецов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра Аҳәынҭқарратә думаҟны иахәаԥшуеит
Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра Аҳәынҭқарратә думаҟны иахәаԥшуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса, лаҵарамзазы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Ақәҵара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ашьаус аҟны азинтә цхыраара реибаҭаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Думахь ирыдигалеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ашьаус аҟны азинтә цхыраара реибаҭаразы Аиқәшаҳаҭраз азакәан апроект аратификациа азуразы.

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Санкт-Петербург, лаҵарамза 28 2015 шықәса рзы. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аганқәа рхахьы иргоит ашьаус аҟны наҟ-ааҟ аицхыраара.

Аиқәшаҳаҭра иҳәаақәнаҵоит аганқәа ирибаҭо азинтә цхыраара ахышәа-ҵышәа, азинтә цхыраара аҟаҵаразы азыҳәа аформа, аҵакы.

"Аиқәшаҳаҭра иамҽханакуеит Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара аԥҟаррақәа инархыганы аҽа ԥҟаррақәак. Иаҳҳәап: аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 6 апункт 1 апунктҵаҟа 1 аҟны иарбоуп азыҳәа, азыҳәа ззыҟарҵо аган асуверинитети, ашәарҭадареи, ауаажәларратә еиҿкаареи аԥхасҭа рнаҭозар, азинтә цхыраара мҩаԥгахом ҳәа".

Ажәабжьқәа зегьы
0