38-ҩык Бзыԥҭатәи агәыԥ аибашьцәа иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедалқәа

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАмедалқәа ранашьара.
Амедалқәа ранашьара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
38-ҩык Бзыԥҭатәи агәыԥ иалаз аибашьра аветеранцәа иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедалқәа.

ГАГРА, ԥхынгәы 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы зҵаиҩыз Адҵа инақәыршәаны, 38-ҩык Гагратәи аҩбатәи ахысратә баталион, Бзыԥҭатәи агәыԥ аибашьцәа иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа – "Агәымшәаразы" амедалқәа.

Аибашьра аветеранцәа аҳамҭақәа ранашьара аофициалтә церемониа алагаанӡа, еизаз зегьы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Бзыԥҭатәи Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан.

Иара убас, минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зыԥсы ахҭнызҵаз аҵеицәа.

Анаҩс, ақыҭа Ахадара ашҭаҟны, аибашьцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рнапаҿы ирырҭеит.

Уи иалахәын, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба, арратә комиссар Дмитри Ҳагба, Бзыԥҭа аҳабла Ахадара аиҳабы Ҭамаз Леиба, арратә командаҟаҵаҩцәа гәыԥҩык.

"Сара сзы игәахәара дууп, шәара шәеиԥш иҟоу афырхацәа-гәымшәацәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара сахьалахәу. Шықәсы рацәала шәагымзааит Аԥсынра", — аибашьра аветеранцәа рахь ихы нарханы иҳәеит Гагра араион Ахада.

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа Амедалқәа ранашьара.
Амедалқәа ранашьара. - Sputnik Аҧсны
Амедалқәа ранашьара.

Аибашьцәа рыхәҭакахьала, иҭабуп ҳәа рарҳәеит абас, аҩаӡара ҳаракыла рааԥсара ахә зшьаз.

"Ҳара абџьар шьҭыхны аӷа ҳаниҿагылаз, аԥсреи абзареи ҳанрыбжьаз, минуҭкгьы, ҳахшыҩ аҟны иааҳамгеит, ақырҭуа мпыҵахалаҩ даҳиааиоит ҳәа. Зегь акоуп, ҳазшаз иаҳирдыруан, аиааира аԥсуаа ишаҳго. Иахьатәи ҳҭынч ԥсҭазаара-ари иаҳзеиԥшу лҵшәоуп. Агәра ҳгоит, егьа ашәышықәсқәа царгьы, ҳшьамдгьыл аԥсуа ида аҳ дшамаиуа", — рҳәоит аҳамҭақәа здызкылаз аибашьра аветеранцәа.

38-ҩык рахьтә фҩык, Александр Чеснокови Ҭамаз Ҳагәышьи Вадим Гәыблиеи Гәылик Џьергьениеи Феликс Кокосқьериеи Даур Сымсыми рыԥсы ҭаны аибашьра ишалҵызгьы, изыԥсахаз аҳәынҭқарратә ҳамҭа рнапаҿы аиура иахьымӡеит, дара иахьатәи амш аиаанӡа рыԥсҭазаара иалҵит. Аибашьцәа рыхьӡала, аҳамҭақәа рыдыркылеит рҭаацәа.

16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден - Sputnik Аҧсны
16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден

Бзыԥҭатәи агәыԥ аԥҵан, 1993 шықәсазы, хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь. Уи аԥхьаҟа, агәыԥ еиднакылаз еибашьуан, егьырҭ агәыԥқәа ирылахәны.

Анзор Кьетиа командаҟаҵаҩс дызмаз, Бзыԥҭатәи агәыԥ еиднакылеит 146-ҩык аибашьцәа.

Дара активла ирылахәын, хәажәкыратәи ажәылара анаҩс, аиааиранӡа имҩаԥгаз аоперациақәа зегьы.

Бзыԥҭатәи агәыԥи, Аԥсны Афырхаҵа Лесик Цыгәба командаҟаҵаҩс дызмаз Аацытәи агәыԥи ирылдыршеит, Аҟәа ГЕС аҟны ақырҭуа аинрал иҭҟәарагьы.

Ԥхынгәытәи ажәылараан, Шрома аҳаракыраҟны, Бзыԥҭатәи агәыԥ иацәыӡит хәҩык аибашьцәа.

"Ҳара ҳгәыԥ азы, ари ишьаарҵәыраз жәыларахеит, иҳацәҭахеит хәҩык аибашьцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан сашьеиҳаб Рауль Кьетиагьы. Зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа ахаан иаҳхашҭуам, иҳавыршьааз ҳҩызцәеи ҳашьцәеи наунагӡа ҳгәаҵа иҭазаауеит", — иҳәеит Бзыԥҭатәи агәыԥ акомандаҟаҵаҩ, Леон иорден занашьоу Анзор Кьетиа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалагӡаны, Бзыԥҭатәи агәыԥ иацәыӡит быжьҩык аибшьацәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0