16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден
16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Иусԥҟала 16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан Леон иорден.

ГАГРА, ԥхынгәы 19 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусԥҟа инақәыршәаны, 16-ҩык Гагра араион аибашьра аветеранцәа иранашьан аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа — Леон иорден.

Иахьа, ԥхынгәы 19 рзы Гагра араион Ахадара ахыбраҟны официалла аибашьцәа аҳамҭақәа рнапаҿы ирыҭан.

Уи иалахәын, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, арратә комиссар Дмитри Ҳагба, 7-тәи ахысратә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа.

Аибашьра аветеранцәа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба ирыдиныҳәалеит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ахьраҭәаршьаз.

"Шәара Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз, зҩызцәеи зашьцәеи ирывагыланы хамеигӡарала зыԥсадгьыл еиқәзырхаз шәоуп. Аибашьцәа шәыбзоурала, иахьа еиҵагылаз абиԥара ирымоуп аҭынч ԥсҭазаара. Иҭабуп, аамҭа хьанҭақәа раан, шәтәыла иалажәгалаз аџьабаазы", — иҳәеит Заур Бганба.

Леон иорден ранашьан аибашьра аветеранцәа: Руфеҭ Арӡынба, Заур Дасаниа, Беслан Џьыкырба, Леонид Ажьиба, Валери Ажьиба, Лиутик Ажьиба, Назбеи Ажьиба, Руслан Кокосқьериа, Геннади Ашхацаа, Леонид Транџь, Заур Инаԥҳа, Игорь Ахвледиани, Мурман Ԥкьын, Геннади Ӡкәуа, Виссарион Быҭәба, Ҷыҷыкәа Сыҷынаа.

Леонид Транџь аибашьра ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит аҟнытә, аҳамҭа идикылеит иԥа.

Иара убас, Назбеи Ажьиба ичымазара иахҟьаны, аофициалтә церемониа далахәӡамызт, аха иҩызцәа аҳамҭа рыманы изнеит аҩны.

Аибашьра аветеранцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭа ранашьара рыдиныҳәалеит убас, 7-тәи ахысратә бригада акомандаҟаҵаҩ Роман Рабаиа.

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагратәи аибашьцәа ирылшаз даара ирацәоуп. Иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп ҳамҭала иалкаамгьы. Аха агәра згоит, хара имгакәа аҳамҭақәа зегьы ишырыԥшаауа рфырхацәа", — ҳәа азгәеиҭеит Роман Рабаиа.

Леон иорден занашьаз аибашьцәа, иҭабуп ҳәа рарҳәеит рганахь агәцаракра аазырԥшыз зегьы.

"Ҳара ҳамҭак ҳаундаз ҳәа акәӡам ҳзеибашьуаз. Доусы ҳгәы ззыҳәоз, ҳ-Аԥсны аӷа далцаны, ҳтәыла аҭынч ԥсҭазаара азырхынҳәра ауп. Иахьа абри аҳамҭа иҳахәҭаны изыԥхьаӡаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Анцәа ҳиашьаԥкуеит уаҳа еибашьра ҟамларатәы, абиԥара ҿыц рабдуцәеи рабацәеи шьала иҿырхыз аԥсадгьыл ԥхьаҟа иргаразы", — ҳәа рҳәеит аветеранцәа.

Иара убас, аибашьра аветеранцәа, агәаҳәара аадырԥшит, иахьа уажәраанӡа аҳәынҭқарратә ҳамҭала иалкаам аибашьцәа зегьы рганахьгьы агәцаракра аарԥшызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0