Аҟазаратә коллективқәа рықәгыларала иазгәаҭан абираҟ амш

Анапаҵаҩра
Аԥсуа аестрадатә шәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи рылархәны имҩаԥган абираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш хыркәшахеит акәашаратә коллективқәеи аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи злахәыз аконцерт ала. Сынтәатәи аныҳәа аиҿкаара рнапы ианын Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ", ахәыҷтәы ахореографиатә коллектив "Абаза" инарыгӡеит аԥсуа жәлар рыкәашарақәа реиԥш Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәа. Илегендартәу агәыԥ "Аԥсны-67", аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәеи инарыгӡеит бзиа еицырбо ашәақәа.

Иара убас, аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан ателецҳа Ҭырқәтәылеи Черқьесқи инхо ҳџьынџьуаа рзы.  

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, самырзаҟан, дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволны иҟоуп.

Ахҳәынҭқарратә символикақәа дравторуп, асахьаҭыхҩы — Валери Гамгиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0