Sputnik, Рада Ажьиԥҳа
Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Славик Ԥимԥиа ақыҭанхараҿы акырӡа аџьабаа збо нхаҩуп, инапы злаку аус хкқәа рацәоуп, иара иааирыхуеит ауҭраҭых рацәаны, ашәыр хкқәа, ашьхымза.
Славик Ԥимпиа аибашьра иалагаанӡа Шәача ақалақь аҟны ашә аҟаҵарҭатә зауад иман. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны адәқьанқәа ирызхаша ашә азауад иҟанаҵон, аԥара бзиангьы ирҳауан. Усҟан, игәҭакқәа рацәан инапы злакыз аус аизырҳаразы, аха аԥсҭазаара иара ахатәы лагала ҟанаҵеит. Аԥсны иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра, уи ашьҭахь инапы злакыз аус аиҭашьықәыргылара залмыршахеит. Аибашьра ашьҭахь иара аамҭала аусура далагеит абылтәыҭатәарҭаҟны. Иажәақәа рыла, уи аус иқәымҿиеит, избан акәзар иара аусуреи аулафахәы бзиеи дашьцылахьан, уи аҟнытә иусурҭа иинааломызт. Ус аамҭа аныбжьыс иҷкәын аиҵбы иабжьеигеит ашьхымза ааӡара инапы аликырц.
"Ашьхақәа рааӡара снапы асыркит аибашьра ашьҭахь, сыҷкәын аиҵбы иабжьгарала. Аибашьра алагаанӡа уск-уск ҳнапы алакын, аха анаҩс, ҿыцла ҳшьапы ҳақәгылар акәын. Раԥхьа 50 ашьхымза аасхәеит, ус хәышә рҟынӡа снеит, анаҩс исҭиит, уажәы хышә цыра ашьхымза сымоуп. Исҭиит, избан акәзар хәышәцыра аартра аркра ҽнак хәлаанӡа уаҿызар ауп, рбара сцәыцәгьахеит. Аамҭа бзиа инақәшәалак шә-флиагак ацха соуеит, уи 25 тонна ацха ҟалоит", — ҳәа иҳәоит анхаҩы Славик Ԥимԥиа.
Ашьхымзақәа рбара уадаҩуп, иҳәоит иара, дара рынцәахәы Анана-Гәында иуыдылцар ауп.
"Раԥхьатәи ашықәсқәа рзы, даара исцәыуадаҩын ашьхақәа рныҟәашәа ақәшәара. Ашьхақәа ҭаацәаныла инсцәыԥсоз ыҟан. Дара чымазара баапсны ҳәа ирымоу — амгәахь ауп. Уи азы иахәҭоу ахәшә рымазар акгьы рыхьӡом, уи уажәы издыруеит, исҵеит. Аамҭаказ, сырҟәаҵып ҳәа сгәы иҭан. Сгәамҵра еиқәтәеит ҽнак зны, ашьыжь ишыҟасҵалац еиԥш сҩагылан ашьхақәа снапы нырхызгоит ҳәа сынрылалеит, ус акы, ҩба, хԥа ҭаацәара аиҿыҵра иалагеит, уи рынцәахәы Анана Гәында исзаалгеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Унапы злакызаалак рынцәахәқәа ургәамҵыр, иумпыҵаманшәалахаӡом аус", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.
Ашьхымза ааӡара анаҩс Славик Ԥимԥиа ауҭраҭых ааирыхуеит, аӡахәа иааӡоит. Шықәсык 80 тонна аҩи, 8 тоннак аџьаӷь уаҭкеи ҭаиҭәоит. Иԥшәмаԥҳәыс лакәзар ашәыр иалхны акомпоти, арштәи, еиуеиԥшым аиҵыџьқәеи хыԥхьаӡара рацәала ихылҩоит.
"Хәышә шьапы инарзынаԥшуа атама ахкқәа сымоуп, ажь акәзар уи цәгьала сазгагоуп, еснагь сашьҭоуп иҿыцу ихаау ахкқәа рыԥшаара. Ауҭраҭых акәзар, анашеи, апомидори, апырпыл ацеи, азлеи уи зқьы шьапы еиҳаны еиҭасҳауеит. Ианаамҭоу акырпыжәи ашьынкеи аасрыхуеит, акырпыжә аԥсуа карпыжә ҳәа изышьҭоу ауп, иара агәаӷь сан лҟынтә исзынхеит, акырӡа пату ақәысҵоит, агьама хаауп, агәаӷь ҳәа акгьы агәылаӡам", ҳәа ациҵеит иара.
Славик Ԥимԥиа игәаанагарала, ақыҭанхара аџьабаа ацуп аҟынтә аҿар мыхәҿыла аԥара рҳара рҭахымкәа иҟоуп.
"Ҳхәыҷны ҳаагылеижьҭеи аусура ауп сызҿу. Анкьа ачаи ахыхра, аҟанҷ ааӡара, аҭаҭын аарыхра ҳаҿын ҭаацәаныла. Усҟан асовет аамҭазы иааурыхуаз зегьы аҳәынҭқарра иауҭар акәын. Уџьықәреи аца иҭоуԥсуазар ахә ушәар акәын, ажәакала аџьабаа ҳаман, аха иаҳныԥшуамызт, иахьа иуҭахыу аарых, иҟаҵа, ԥшӡала ифала, аӡәгьы дыуԥырхагам. Уи аамҭа иахаану, аус иуоит, бзиа ибоит аусура, аха иахьа џьабаала иааӡаӡам уажәтәи аҿар", — ҳәа игәынамӡара атәы дазааҭгылеит иара.
Анхаҩы нага Славик Ԥимԥиа имш алагоит ашьыжь асааҭ ԥшьба рыбжазы, аџьаӷь уаҭка шә-грамк ыжәны иусқәа днарылагоит. Усда стәазар сычмазыҩхоит, иҳәоит иара.
"Аҩны утәаны, ажәҩан уаҵаԥшо иҟалома утәазар, аӡәы акы сиҭандаз ҳәа. Ақыҭаҿы уанынха, ухәыҷқәа умоҭацәа аныҟоу акрырҿаҵатәуп, ибатәуп аҩнаҭа аиҳабы иаҳасабала, дара рхы иацхраауеит, аха сара сызтәаӡом усда. Ақыҭанхара аџьабаа рацәаны иадуп, аха сџьабаа бзабааны ианысԥылалак сааԥсара схашҭуеит. Сыуа сҭынха ҩык, уаҭкак, сыԥшәма ихылҩо акампоти, аиҵыџьқәеи анрысҭалак сгәы ихааӡа икыдуп. Сыҷкәынцәа уск уск рнапы алакуп, махәҿыла ацхыраара рзыҟамҵозаргьы егьыс исывагылоуп. Смоҭацәа бзиа ибаны исыцхраауеит", — ҳәа дазгәыдууны иҳәоит анхаҩы.
65 шықәса ирҭагылоу лыхнытәи анхаҩы Славик Ԥимԥиа аџьабаа ӷәӷәа шимоугьы, иҵегь сынхара сынҵыра еихасҳандаз ҳәа даҿуп, игәҭакқәа рацәоуп. Аԥсыуа нхаҩык ишиаҭәоу еиԥш деибыҭоуп. Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара зегьы ирыцкуп ари аҩнаҭаҟны.