Лыхнытәи ақәгылара 150 шықәса ахыҵит

© Sputnik Роберт ДжопуаАгәманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ, аҭоурых наукақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа.
Агәманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ, аҭоурых наукақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1886 шықәсазтәи Лыхнытәи жәлар рықәгылара 150 шықәса анахыҵуа амш аҽны аԥсуа ҵарауаҩ Сослан Салаҟаиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақәгылара зыхҟьази иахылҿиаази ртәы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

1886 шықәса ԥхынгәы 26 рзы "Лыхнашҭа" имҩаԥысыз жәлар реизара ду ҿагыларатә қәгылараны аҽаԥсахит. Аҭоурых аҟынгьы иаиуит ахьӡ "Лыхнытәи ақәгылара" ҳәа.

"Ари ахҭыс Урыстәылатәи аимпериа иахьаҵанакуаз зегь инареиҳаз қәгыларахеит XIX ашәышықәса аҩбатәи азыбжазы", ҳәа азгәеиҭеит Агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ, аҭоурых наукақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа.

Аҵарауаҩ игәаанагарала ақәгылара мзызны иаиуит еиуеиԥшым афакторқәа.

"Ақәгыларахь иназгаз афакторқәа иакымкәа иҩбамкәа иҟалеит. 1864 шықәса рзы Аԥсны аҳра аԥырхит, Кавказтәи аибашьра еилгеит, аибашьра иахҟьаны мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз реиҳараҩык рыԥсадгьылқәа нрыжьит. Абарҭ зегьы неилалан 1866 шықәсазтәи ақәгылара анырра ду арҭеит", иҳәоит аҵарауаҩ.

Еиқәаҳаԥхьаӡаз рыдагьы аҳәынҭқар иуаа иазырыӡбаз анхаҩцәа рзы ареформагьы мзызра ауит ҳәа азгәеиҭоит Салаҟаиа.

"Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа ианахәҭакха, Урыстәылатәи аимпериа иаӡбеит араҟагьы анхаҩтә реформа мҩаԥыргарц, аха ареформазы ҭауади-аамысҭеи рганахьала аума анхацәа рганахьала аума адгылара рмоуит. Ареформа аԥҟарақәа рыла аԥсуа нхаҩцәа рхы иақәиҭтәтәын. Аԥсны акәзар, шамахамзар анхаҩцәа рхы иақәиҭын. Урҭ ирзеилкаауамызт ирыдыргалоз аҵакы", — иҳәоит Салаҟаиа.

Зых иақәиҭым ҳәа иршьоз анхацәаҵәҟьагьы хәыҩцәаны ишьамызт, ихәыҷы-иду изықәаарыхуаз рхатәы дгьыл рыман, Урыстәылеиԥш иааухәо иуҭиуагьы иҟамызт, рыдгьылгьы иақәиҭын ҳәа далацәажәоит Салаҟаиа.

"Анхацәа ргәынамӡара атәы иаҳаит Аҟәатәи арратә округ аиҳабы, аполковник Кониар. Иара иӡбеит ажәлар еизганы ииҭаху деилиркаарц. Аизараҟны Кониар ицәажәара ашьҭахь дықәгылоит Аԥсны ахы-аҵыхәа еицырдыруаз Осман Шамба. Осман иажәа ф-сааҭк инаӡон, еиҭагаҩцәа рымч хомызт. Иара аурыс еиҳабы изеиҭеиҳәеит анхацәа ргәыҵхара. Осман ишьҭахь еиҭах ажәа игеит Кониар. Иара иажәа иалаҵаны иҳәоит абас: "Ваши женщины снимут свои шаровары и будут ходить в платьях как во всем мире". Аиҭагаҩ ииашамкәа иҟаиҵаз аиҭагажәа ззымычҳаз аӡә дхысит. Ауаагьы ақәгылара ахәҭоуп ҳәа ӡбаны Кониар илеиехсны дыршьит. Иршьит дымҩаԥызгоз ауаагьы", —  ҳәа еиҭеиҳәоит аҵарауаҩ.

"Ԥхынгәы 29 рзы, Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба иԥа Георги Аԥсны аҳ ҳәа далырхит. Уи ала дара иаадырԥшит рҳәынҭқарра аԥыхра ишақәшаҳаҭмыз", иҳәоит Салаҟаиа.

Ҳәарада амчқәа еиҟарамызт. Арахь иаауеит аурыс ир, ауаа рацәаны абахҭа иҭаркуеит. Зегьы рҷыдаразы амҳаџьырра арыцҳарагьы ҟалоит.

Лыхнытәи ақәгылара ахҟьа-ԥҟьақәа иахьагьы аԥсуа жәлар ирныруеит, иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0