Аџьабаа ду зцу Славик Ԥимԥиа инхара

Анапаҵаҩра
Ашьхақәа рааӡара знапы алаку Славик Ԥимԥиа еиҭеиҳәоит урҭ дшырхылаԥшуа атәы.

Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Славик Ԥимԥиа ақыҭанхараҿы акырза аџьабаа збо нхаҩуп, инапы злаку аус хкқәа рацәоуп, иара иаарыхуеит ауҭраҭых рацәаны, ашәыр хкқәа, ашьхымза.

Славик Ԥимпиа аибашьра иалагаанӡа Шәача ақалақь аҟны ашә аҟаҵарҭатә зауад иман. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны адәқьанқәа ирызхаша ашә азауад иҟанаҵон, аԥара бзиангьы ирҳауан. Усҟан, игәҭакқәа рацәан инапы злакыз аус аизырҳаразы, аха аԥсҭазаара иара ахатәы лагала ҟанаҵеит. Аԥсны иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра, уи ашьҭахь инапы злакыз аус аиҭашьықәыргылара залмыршахеит. Аибашьра ашьҭахь иара аамҭала аусура далагеит абылтәыҭатәарҭаҟны. Иажәақәа рыла, уи аус иқәымҿиеит, избан акәзар иара аусуреи, аулафахәы бзиеи дашьцылахьан, уи аҟнытә иусурҭа инааломызт. Ус аамҭа аныбжьыс иҷкәын аиҵбы иабжьеигеит ашьхымза ааӡара инапы аликырц.

"Ашьхақәа рааӡара снапы асыркит аибашьра ашьҭахь, сыҷкәын аиҵбы иабжьгарала. Аибашьра алагаанӡа уск-уск ҳнапы алакын, аха анаҩс, ҿыцла ҳшьапы ҳақәгылар акәын. Раԥхьа 50 ашьхымза аасхәеит, ус хәышә рҟынӡа снеит, анаҩс исҭиит, уажәы хышә цыра ашьхымза сымоуп. Исҭиит, избан акәзар хәышәцыра аартра аркра ҽнак хәлаанӡа уаҿызар ауп, абара сцәыцәгьахеит. Аамҭа бзиа ианақәшәалак шә-флиагак ацха соуеит, уи 25 тонн ацха ҟалоит", — ҳәа иҳәоит анхаҩы Славик Ԥимԥиа.

Ашьхымзақәа рбара уадаҩуп, иҳәоит иара, дара рынцәахәы Анана-Гәында иуыдылҵар ауп.

65 шықәса ирҭагылоу лыхнытәи анхаҩы Славик Ԥимԥиа аџьабаа ӷәӷәа шимоугьы, иҵегь сынхара сынҵыра еихасҳандаз ҳәа даҿуп, игәҭакқәа рацәоуп. Аԥсыуа нхаҩык ишиаҭәоу еиԥш деибыҭоуп. Аҭаацәаратә ҳәоуеиқәшәара зегьы ирыцкуп ари аҩнаҭаҟны.


Ажәабжьқәа зегьы
0