Ахәыҷқәа Ауадҳара рыԥсы ршьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАуаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рыла еиҿкаау алагер "Аԥеиԥш"
Ауаажәларратә еиҿкаара Кьараз хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рыла еиҿкаау алагер Аԥеиԥш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа жәамш Аԥсны ашьхақәа рыҟны рыԥсы ршьоит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рыла еиҿкаау алагер "Аԥеиԥш" алахәылацәа жәамш Аԥсны ашьхақәа рыҟны рыԥсы ршьоит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Ауаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа.

Аԥсшьара аиҿкааҩцәа шьыжьнаҵы ахәыҷқәа еизыргеит.

"30-ҩык ахәыҷқәа ааираны иҟан аха руаӡәк иҟынӡа аҭел ҳзамысит. Уажәы иҩныҟа, Бабшьраҟа ҳцоит иаагара", — лҳәеит Гоԥиаԥҳа.

Жәамштәи арҵаратә программа азырхоуп ахәыҷқәа асоциалтә шьцылара рыҭара. Дара ирыцны ашьхаҟа ицоит аҟәатәи аҿар Рыҩнаҟынтәи 13-ҩык арҵаҩцәа, аԥсихолог, атуризм азы аинструктор.

Аҟәатәи аҿар Рыҩны адиректор лхаҭыԥуаҩ Аида Ладариаԥҳа илҳәоит 16 шықәса ишрықәу абасеиԥш аԥсшьарақәа еиҿыркаауеижьҭеи.

Лара убасгьы иацылҵоит ахәыҷқәа ркрыфара-чара иҷыдоу ахылаԥшра шарҭоу.

"Ахәыҷқәа рыфатә даара игәцараҳкуеит. Акәац, акәтыжь, ауҭраҭых, ашәыр – рхәы еибакапаныртә ишьақәҳаргылоит. Афатә ԥхасҭамхарц азы ашәыра рхьшәашәагақәа ааҳхәеит", — лҳәоит лара.

Рыкрыфара адагьы ашьхара реилаҳәашьа иазхәыцтәуп, ҳәа азгәеиҭоит ашьхатә ныҟәаразы азыҟаҵаҩ Валери Агрба.

"Аныҟәарақәа уҽырзыҟауҵароуп. Амаҭәа ԥха умазароуп, ашьапымаҭәа маншәалазароуп", — иҳәоит иара.

Жәаҩа шықәса зхыҵуа Миранда Гәуралиа уажәынӡа ашьха дымцацызт. Даара дазыԥшуп илбараны иҟоу.

Ахәыҷқәа ашьхаҟа рцара аԥара азоунажьит Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсареи аџьа ахьчареи рзы Афонд.

Ажәабжьқәа зегьы
0