Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз.
Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатәи еибашьраан ҳаешьаратә Республикақәа рҟынтә иҳауаз ацхыраара атәы дазааҭгылоит аҭоурыхҭҵааҩ Дмитри Габелиа.

Аибашьра. Иҟамзар ҟалап ари аиҳа ихьанҭоу ажәа…Уи шаҟа гәырҩеи хьааи ацу аԥсуа жәлар акырынтә ирнырхьеит, ибзиангьы ирдыруеит. Аибашьра иҭагылаз ажәлар рзы ихадоуп уи арыцҳара рыцеиҩызшо, иацу амлакреи ахьҭакреи иацәызыхьчо рааигәа ианыҟоу.

1992 шыкәсазы излагаз Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны рыбжьы ҿацаӡа иақәдыргеит, ианаамҭоу аешьа ижәҩахыр шаҟа ицхыраагӡоу атәы аадырԥшит аешьаратә Ҟарачы-Черкестәи ареспублика ауааԥсыра. Уи имбазшәа, имаҳазшәа изыҟаҵомызт аӷагьы. Избанзар ибзиаӡаны еиликаауа далагеит аԥсуа жәлар зҭагылаз арыцҳараҿы рхала ишаанамхоз, ашьхарыуа жәларқәа реидгылара шыҟалоз атәы. 

Нанҳәамза 26 1992 шықәсазы ақырҭуа фашизм ашьаҭыркҩцәа иреиуоу Едуард Шеварднадӡе Ҟарачы-Черкестәи ССР жәлар рдепутатцәа Рсовет ахантәаҩы В. Савелиеви, ҞЧССР ахада инапынҵақәа назыгӡоз В. Хубиеви рышҟа ааԥхьа ҟаиҵеит.

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Ааԥхьараҿы иҳәон "аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акырӡа игәы ишалоу, бџьаршьҭыхрала аиҿагылара дшақәшаҳаҭым, аха Аԥсны аҭыԥ зауз атерроризм даҿамгылар ада даҽа мҩак шимам атәы". Ихы аиашара арго Қырҭтәыла ахада аҳәара ҟаиҵон аԥсуа жәлар рҭархаразы дызлагаз аибашьраҿы Ҟарачы-Черкестәи ареспублика анаԥхгара деилиркаарц.

"Шәара ибзиаӡаны ишәдыруеит, атәыла аҩныҵҟа ас еиԥш иҟоу аиҿагыларақәа рхатәы динамика шрымоу, насгьы раанкылара шыуадаҩу. Еилышәкаауеит ҳәа сгәы иаанагоит урҭ раԥырҟәҟәааразы имаҭәахәны ишыҟоу аполитикатә хархәагақәа. Ҳаргьы уи оуп уажәы ишҳамчу ҳазҿу. Иҟалаз ҟалеит, аха сызлацәажәо азҵаараҿы шәара шәыцхыраарагьы ҳазыԥшуп", иҳәон аԥхамшьара ихы иаҭәашьаны Едуард Шеварднаӡе ҳаешьаратә республика анапхгарахь иҟаиҵаз ааԥхьараҿы. 

Иҟалап, Қырҭтәыла ахада дақәгәыӷзар Асовет ҳәынҭқарраҿы имаз ахыԥша ари азҵаараҿы аус ауп ҳәа, мамзаргьы зышҟа ааԥхьара ҟаиҵози иареи реибадырра аԥсуаа рышьҭамҭа ыҟамкәа рнырҵәаразы имаҭәахәуп ҳәа иԥхьаӡазар. Аха усҟан уи ихашҭит (мамзаргьы зынӡа издыруамызт) зегьы иреиҳау ажәлар шраку. Ачерқьес жәлари аԥсуа жәлари реашьара ахьынӡанаӡоз лымҳаҭаслакәзаргьы имаҳацкәа дыҟамызт, аха агәрагара ицәыуадаҩзтгьы здыруада…

Уи аамҭазы, Кавказ Нхыҵгьы аҭагылазаашьа уадаҩахо иалагеит. Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациеи аҟабарда жәлар Рконгресси Ҭырқәтәыла иаҿагыланы аибашьра ишалаго атәы рҳәеит, напгьы адыркит Аԥсныҟа аашьҭразы аибашьцәа ргәыԥқәа реиҿкаара. Иаанкылахеит Ростов – Бақәа ирыбжьысуаз амҩа хада. Арҭ ашьаҿақәа Урыстәыла азакәан хада еиларгоит ҳәа алаҳәара ҟанаҵеит Афедерациа Апрокуротура хада, насгьы Аконфедерациеи Аконгресси ирықәыӡбеит Кавказ ажәларқәа Аԥсны ицо аибашьра иаларымгаларц азы. Аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩахон, аха нхыҵаа Аԥсны зҭагылаз арыцҳара ианышәомызт, изларылшоз алагьы ацхыраара аҟаҵара рҽазыркуан.

Доброволец из КБР Анзор Яхагоев. - Sputnik Аҧсны
Иахагоев: сашьа автобус дҭалан иҽиӡеит Аԥсныҟа еибашьра дцаразы

Уажәы ҷыдала ҳазааҭгыларц ҳҭахуп Ҟарачы-Черқьестәи ареспублика ауааԥсыра Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, анаҩс уи ашьҭахьгьы иаадырԥшыз ацхыраареи агәыҳалалреи ртәы. 

Нанҳәамза 18 1992 шықәсазы Черқьеск ақалақь аҟны имҩаԥысит ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи зықьҩыла ауааԥсыра злахәыз амитинг. Уахь инеиз ауаа Аԥсны иҟалаз арыцҳаразы ргәаанагара аадырԥшуан атранспорантқәеи алозунгқәеи рыла: "Руки прочь от Абхазии!", "В обиду не дадим Абхазию!", "Мы против применения силы!"…

Амитинг аҿы иқәгылоз ауаа ирҳәон Ҟарачы-Черқьестәи ареспублика Қырҭтәыла аекономикатә, аполитикатә блокада шазнауа ала ааԥхьара шьҭызарц, Аԥсныҟа агәыҳалалратә аматериалтә цхыраара дәықәҵазарц азы. Ареспубликатә ауаажәларратә хеидкыла "Адыге Хасе" ахантәаҩы М. Психомахов амитинг алахәылацәа иреиҳәеит Аԥсны ацхрааразы аиҿкааратә комитет шаԥҵоу, насгьы абанк аҿы аԥара ахыԥхьаӡаларҭа ҷыда шаарту.

Абаза жәлар ироуз ахьаа атәы аемоциа аҵаны дазааҭгылеит абаза апоет М. Чикатуев. Аизара иалахәыз имӡакәа ирҳәон ицо аибашьра ахьақәҿырымҭуа азы Урыстәыла анаԥхгара рахь ирымоу агәынамӡара, Аԥсныҟа аибашьцәа рдәықәҵара азҵаара шыӡбатәу, уҳәа убас егьырҭгьы. Аҿар ракәзар, Аԥсныҟа аибашьра ацаразы уи аизараҿы асиа шьҭырхырц рҽазыркит, аха ареспублика аполитикатә наԥхгара цәажәеит ҭынчрала азҵаара ӡбамхар ҟалом ҳәа. 

Иара убас, амитин алахәылацәа Урыстәыла Афедерациа Ахада Б. Н. Ельцини, Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Р. И. Хасбулатови рышҟа аҳәара ҟарҵеит аԥсуа жәлар зыниаз аибашьра аанкылазарц, анаҩс Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны Ареспублика Асуверенитет азханаҵарц. 

Нхыҵ Кавказнтәи хатә гәаԥхарала иааз. 1993 ш. - Sputnik Аҧсны
Казбек Иахагоев: ҳкомандир Салим Варитлов еснагь ҳаԥхьа дгылан
 Аԥсны ареспублика агәыҳалалратә цхыраара аҭаразы аштаб аамҭаказы аиҳабыс дҟаҵан, иахьа Ауаажәларратә хеидкыла "Абаза" ахантәаҩыс иамоу Мухадин Шенкао. Уи иааркьаҿны иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсныҟа агәыҳалалратә цхыраара аазгоз ауаа амҩан изықәшәоз ауадаҩрақәа.

Игәалаиршәеит аидара мҩадула аагара аншәарҭаз, аҵх лашьца рҽалакны мшынла Шәачантәи Гәдоуҭа ишыӡхыҵуаз атәы. Изныкымкәа ақырҭуа гвардеиццәа агәыҳалалратә цхыраара ааныркылахьан, уи аазгозгьы ахҭынҟьа рырҭахьан, аха егьа ус акәзаргьы ацхыраара шаац иаауан. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, раԥхьатәи агәыҳалалратә цхыраара аазгоз автокараван иақәын 200 тонна инарзынаԥшуа аидара. 

"Ахаан исхашҭуам ҳашьцәа аԥсуаа рахь ацхыраара ҟаҵатәуп анаҳҳәа, абыргцәа тәанчаҩцәа инадыркны араионқәа рхадацәа рҟынӡа зегьы гәык-ԥсыкала ишахаҵгылаз. Даҽакалагьы ҟалашьа амамызт, аха еиҭаҳәашьа амамзар ҟалап урҭ ауаа шаҟа гәыбылрала уи азҵаара иазнеиз.

Ҳабашәыцхраари ҳәа аштабахь иаауан хъыҷи дуи. Доусы ирылшоз ала иааргон аԥара, ацәамаҭәа, афатә. Уи азмырхакәа, ауааԥсыра еиҿыркаауан аизарақәа, ателерадиомарафонқәа, амитингқәа. Уаҟа агәыҳалалратә цхыраара аизгара адагьы, ирықәыӡбон аибашьра еиқәаҵәа иалагаз Қырҭтәыла анаԥхгара, урҭ маӡа-аргама ирыдгылоз Урыстәыла Афедерациа аиҳабыра.

Ахымца аанкыланы, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара рхы аладырхәырц ааԥхьарақәа ҟарҵон адунеи ауаажәларра рахь", иҳәеит Мухадин Али-иԥа ҳаниҿцәажәоз. 

Араҟа иҳәатәуп, М. Шенкао хыхь зыӡбахә иҳәо аусмҩаԥгатәқәа зны-зынла Афедерациа азакәанқәагьы шеиларгоз, насгьы уи иаразнак ишақәҿырҭуаз аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәа, апрокуратура хада аԥхьа инаргыланы. Аха ачерқьес жәлар реашьаратә уалԥшьаҿы ихьаҵуамызт, аморалтә, агәыҳалалратә, арратә ацхыраара ԥхьаҟагьы иацырҵон. 

Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала иаази аԥсуа еибашьцәеи. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Мирзоев: Аԥсныҟа саазгаз Шьынқәба ирҿиамҭақәа роуп

Уарла-шәарла акәымзар, Аԥсны иҟалаз аҭагылазаашьа атәы зҳәашаз аинформациа иаша адунеи ауаажәларрахь инеиуамызт. Ажәлар маҷ рхақәиҭратә қәԥара иҟам-ианым ала иахцәажәон "ақырҭуа информаторцәа". Урҭ ркабинетқәа ирыҩнатәаны рхы иҭырхәыцаауан аҵабырг ааигәа иҟамыз "аиаша". Аамҭаказы аиаша рыздыруамыз Кавказ Нхыҵ инхо ҳашьцәагьы. Убри аҟнытә, ҳаешьаратә республикақәа рҟынтәи агәымшәара аарԥшны Аԥсныҟа иаауан ажурналистцәа, араҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызку аинформациа иаша аиуразы. 

Ҟарачы-Черкестәи ареспубликаҿы Аԥсны иазкыз аматериалқәа маҷымкәа изнылоз агазеҭқәа иреиуоуп ауаажәларра-политикатә газеҭ "День Республики". Архиваҿы уи агазеҭ ҳанаԥхьоз иаҳбеит номерцыԥхьаӡа аԥсуа жәлар рхеиқәырхаратә еибашьра атәы зҳәоз аматериалқәа шанылоз.

Ҷыдала урҭ аматериалқәа рзы аинформациа аизгара, анаҩс агазеҭ аҿы акьыԥхьра рнапы алакын Р. Заубидова, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет апресс-маҵзура аусзуҩс иҟаз агазеҭ "Черкес хэку" акорреспондент А. Заубидов уҳәа, убас егьырҭгьы. Урҭ рматериалқәа рҿы иаадрыԥшуан хацәнымырхала ахы иаҿагылоу аԥсуаа ганрацәала ацхыраара шырҭаху атәы. Аҭынчуааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵон иахьынӡарылшо ала ахҵәацәа рыдкылара иалагарц азы.                          

Раԥхьаӡа иргыланы, аибашьра ихнарҵәаз аԥсуа ҭаацәарақәа нап рыдкылатәын, хәыҷи дуи аҩныҟа имҩахгатәын, нхарҭала еиқәыршәатәын. 

Уи акәхеит. Ҳашьцәа нхыҵаа рмахәар еилыхны агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵара иалагеит. Еиҳаракгьы, ршьапы иқәгылеит ақыҭақәа рҿы инхоз ауааԥсыра. Ацәамаҭәа инаркны, афатә аҟынӡа, доусы ирылшозгьы, ирылымшозгьы рылыршо аԥсуа жәлар рыцхрааразы аӡәыкны игылеит. 

Арсен Гуков (арымарахь ала ахԥатәи). - Sputnik Аҧсны
Джульетта Гукова: ҳара иҳаздырӡомызт Арсен Аԥсныҟа еибашьра дышцаз

Ақыҭақәа: Баралка, Карапаго, Апсуа, акалхоз "Абазински" уҳәа, ахәыҷқәеи урҭ ранацәеи ахархәарахьы ирырҭеит ахәыҷ баҳчатә хыбрақәа. Иара убас, урҭ ақыҭақәа рхахьы иргеит ахҵәацәа рыкрыфара, реилаҳәара, аусурҭатә ҭыԥла реиқәыршәара азҵаарақәагьы.

Хыхь еиқәыԥхьаӡоу ақыҭақәеи, убас егьырҭгьи, рынхацәа иаадырԥшуаз агәыҳалалра атәы статиак иалагӡаны азааҭгылара уадаҩоуп. Убри аҟынтә, ҿырԥштәыла иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит ҳәа заҳаз Хабезтәи араион ақыҭақәа: Ельбургани Инжич-Чукуни рынхацәа рхадарақәа рахь арзаҳалқәа ҩны, аҳәара шыҟарҵаз аибашьра иацәцаз ахҵәацәа рыдкыларазы азин рымазарц азы.

Уи алагьы, арҭ ақыҭақәа рҿы ишрыдыркылаз Аԥснынтәи инеиз 91 ҭаацәара. Уааԥсырала урҭ зегьы еиԥшымызт. Иҟан, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа ԥшь-ҩык, хә-ҩык рыла ишьақәгылаз аҭаацәарақәагьы. 

Ельбурган ақыҭа ахадара, агәыҳалалратә цхыраара аҟаҵаразы аштаб анеиҿыркаа, аҭыԥантәи ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵеит ҭаацәацыԥхьаӡа 100-200 мааҭ рҟынӡа аԥара еизыргарц. Уи заҳаз анхацәа, ари аҩыза ацхыраара мап ацәыркит. Аштаб анаԥхгаҩцәа рышҟа рхы нарханы: "Шәара ишәҳәаз аԥара азхаӡом, имаҷуп" рҳәан, ҩба-ҩба инаркны, хәба-хәба нызқь мааҭ рҟынӡа аԥара еиларыԥсеит. Иҟан жәаба-жәаба нызықь мааҭ уҳәа, еиҳаны иҟазҵазгьы. 

Иара убас, ачерқьестъ фирмақәа ҩба: "Курери" "Меркурии" уи акасса иаларҵеит ҩышә-ҩышә нызықьмааҭ.

Усҟан еизгаз миллионбжак аԥара аҟынтәи, зқьы-зқьы мааҭ ахҵәацәа ирзыршеит. Аԥара адагьы, ахәыҷтәи адуқәа рымаҭәеи рырҭеит. Амала ирауа иҟарҵеит ача. Асавхоз "Ельбургантәи" аиҳабы К. Шхаев иакәзар, ахҵәацәа рҭаацәарақәа ахәша, ашьақар, абрынџь, ахш уҳәа еиԥмырҟьаӡакәа ироуларц азы аԥаратә цхыраарҭақәа иԥшааит.        

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Леон иорден" занашьоу Олег Аргунов игәалашәараҿы иаанхеит урҭ аамҭақәа шаҟа ихьанҭаз, ахҵәацәа рзы адагьы, издызкылоз рзгьы. 

Мухамед Бли. - Sputnik Аҧсны
Мухамед Бли: ианамуӡа жьҭаара 1 иахымгакәа Егры ҳҟалоит

"Аибашьра иалҵны ҳашҟа иаауаз, еиҳараӡак аҳәсеи, ахәыҷқәеи, абыргцәеи, еснагь ишаҳҭахыз ҳзырԥыломызт. Ҳарҭгьы иҳагыз рацәан. Асовет еидгыла аилаҳара анаҩс иҟалаз ауадаҩарақәа зегьы иаҳныԥшуан, аха иҳамчыз, иахьҳамчыз ҳхы аҵамырхакәа ахҵәацәа ҳадаҳкылон.

Иҟалап ишрыхәҭазҵәҟьа рныҟәгара ҳалымшазаргьы, аха доусы имчыз зегьы ҟаиҵон абзарбзанбжьы иаршәаҟьаз ахәыҷқәа рхы-рҿы ччаԥшьк ықәларц, урҭ ранацәа рхьаақәа рхашҭырц, аибашьра иалагылаз аԥсуаа рашьцәа рыжәҩахыр рнырырц, ирныԥшырц азы", иҳәон Олег Абубекир-иԥа ҳаниҿцәажәоз. 

Иазгәаҭатәуп, Олег Аргунов хаҭала иџьабаақәа акыр шаду ҳажәлар Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иргаз Аиааира ду. Зыуаҩышьеи зхаҵареи хеибарҭәаауа ари аибашьҩы, агәыҳалалра ыҟанаҵ ауаҩы дыҟазаауеит ҳәа ихәыцуа дреиуоуп.

Ҳаицәажәараан иара иҳаимҳәазаргьы, Аԥснынтәи Ҟарачы-Черкестәи ареспубликахь инеиуаз ахҵәацәа иҭәы-иԥха рыдкылареи, хкы рацәала ишьқәгылаз агәыҳалалратә цхыраара Аԥсныҟа аашьҭреи уҳәа, зхатә харџьала ахақәиҭра иазықәԥоз ҳажәлар ирывагылаз дшыруаӡәку анаҩс еилаҳкааит. Уимоу, абџьар кны зхатәгәаԥхарала аӷа иҿагылаз ҳашьцәа нхыҵаа дыруаӡәкхеит.

Кавказ Нхыҵтәи ҳаешьаратә жәларқәа рҵеицәа Аԥсныҟа аибашьра иаашьҭны, аӷахәымга ихы иацәцаз ахҵәацәа рнапқәа рыкәыршаны ирԥылеит, ирыхьчеит. Аибашьра анцоз еиԥш, ианеилгагьы ҳашьцәа иҟарҵоз агәыҳалалратә цхыраара ахаан хашҭра ақәымзароуп. Иахьа иҳамоу Аиааира зџьабаа аду ргәаларшәара еснагь иаҳуалуп.                         

 


Ажәабжьқәа зегьы
0