Мухамед Бли: ианамуӡа жьҭаара 1 иахымгакәа Егры ҳҟалоит

© Sputnik / Илона ХварцкияМухамед Бли.
Мухамед Бли. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Иҭыхым аибашьцәа" иацнаҵоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Муҳамед Бли иҭоурых.

Наала Аҩӡыԥҳа, Sputnik

Асахьаҭыхҩы Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа ибзианы ирныԥшуеит Аԥсны ахьчаҩцәа рҟазшьа, рхәыцшьа, рыҩныҵҟатә ҭагылазаашьа. Аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны апортал аресурсқәа рҟны икьыԥхьуп асахьаҭыхыҩ аибашьраан зсахьа ҭихуаз афырхацәа рҭоурыхқәа.

Ашьха каҵәарақәа ҳархысны…

Муҳамед Бли иҩызцәеи иареи нанҳәамзазы, Аԥсны аибашьра ианалагаҵәҟьа, Ҟабарда-Балкариантәи  ашьхақәа ирхыҵны иааит.

Ателехәаԥшрала иҟалаз арыцҳара атәы шаараҳаҵәҟьаз, лакҩакрада Аԥсныҟа рхы дырхеит. Муҳамед иҭаацәа дахьыҟаз ҳәа егь рыздырамызт, урҭ иара акгьы реимҳәеит.

"Сара усҟан схәыҷымызт, ҩажәи зеижә шықәса схыҵуан. Иҟасҵоз сыхшыҩ иԥнаҟаны иҟасҵеит. Ҳара ҳабашьҭра ажәытә зны Ҵабал иҭыҵқәаз роуп. Ус анакәха сара сыԥсадгьыл ахьчароуп сзааз", — еиҭеиҳәоит Бли.

"Ҟабарда"

Аԥсны Муҳамед Блии иара акыршықәса ииҩыза бзиаз Гена Карданови еиқәшәеит. Рҩыџьагьы еицны Владимир Начач икоманда иалалеит. Нас, Гена Карданов иеиҿикааз  агәыԥ "Ҟабарда" раԥхьатәи алахәылацәа дреиуахеит Муҳамед.

Мрагыларахь аибашьра еиҳа-еиҳа амца акуан. Карданов иӡбеит иҩызцәа иманы уахь дыԥрырц. Агәыԥ иалахәыз жәахаҩык ракәын усҟантәи аамҭазы, нас уи ҩеижәижәабаҩык рҟынӡа инаӡеит.

Афортепиано

Муҳамед Бли изныкымкәа аӷа итыл ахь дцаны аинформациа аагара илиршахьан. Убарҭ руак игәалаиршәоит уажәгьы.

"1992 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы акәын. Очамчыреи Маркәылеи рыбжьара анеитралтә зона ыҟан. Ҳара уахь лассы-лассы ҳнеилон, аԥшыхәра уа. Зны, ҩнык аҟны ҳаагылеит, хымш инарзынаԥшуа иаҳеихсуан. Сара заҟа снариад каҳаз сыԥхьаӡон, 360 рҟынӡа саннеи, саҟәыҵит".

Дара ахьыҟаз аҩнаҟны апианино гылан. Саша, милаҭла дагыруан, Тҟәарчалтәын, днаҿатәаны иарҳәаны ашәа ациҳәон ианааҭынчрахалак.

"Ақырҭцәа ҳҿаԥхьаҵәҟьа, аԥсаатәааӡарҭа фабрикаҟны итәан, ибзианы иаҳбарҭан. Саша сиазҵааит "аԥсуашәақәа удыруама?" ҳәа. "Изыруеит" аниҳәа, аԥсыуашәак дыхәмарырц сиҳәеит. Дара уи шаараҳаз ахысра ҭарҵеит, ҳәарада ҳаргьы аҭак ишаҭахыз еиԥш ираҳҭон".

Атрофеитә танкқәа хԥа

Аибашьраҟны Мухамед Бли минаҵаҵаҩыс дыҟан. Уи атәы иара ицәгьамкәа идыруан, аррамаҵзура данахысуаз анџьныр-сапиортә рхәҭаҟны акәын дахьыҟаз.

"Ҳара Мрагыларатәи афронт ахь ҳаннеи, ҷкәынак даасыдгылеит, исцәеиламгозар Амиран Ԥачлиа иоуп. Дсазҵааит аминақәа ирызҟазоу ӡәыр шәыҟоума ҳәа. Сара уи атәы ԥыҭк шыздыруаз анысҳәа, ҳаицны ҳцеит аминақәа ыҵаҵан иахьрымаз ахь. Аиашамрақәа рацәан. Сара асхема азсырхиеит, уахык ала зегь иашан ишьақәҳаргылеит".

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

Ԥхынҷкәын 26 рзы ақырҭцәа ажәылара иалагеит мҽхакы ҭбаала.

"Аха, аминақәа ишахәҭаз еиԥш иахьышьҭаҳҵахьаз иахҟьаны рыкәлаӡтәы техника зегьы урҭ ирхаԥжәо иалагеит. Ҳаргьы аҭакс ҳжәыло ҳҿынаҳхеит".

Абарҭ аидысларақәа раан, раԥхьаӡа акәны Очамчыра араион аҟны аӷа итанкқәа хԥа импыҵаҳҟьеит. Иаагаз атехника иаарласны еиҭашьақәҳаргылеит.

"Атанкқәа хԥа рҟынтәи ҩба еиҭашьақәҳаргылеит, иагқәаз ҟаҳҵеит БМП-гьы. Аремонт ҟаиҵон Генади Никитченко. Атанкқәа руак "Тигр" ахьӡаҳҵеит, егьи – "Ласточка".

Абарҭ рышьҭахь дыҭҟәаны дган Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ ҳәа еиҭеиҳәоит Мухамед Бли.

"Аҵх акыр инеихьан. Ҳара атехника аремонт азызуаз ҳахьчон. Маҷк инаскьаны ҳгылан. Ақырҭцәа машьынала ишааиуаз ҳара иааҳадгылеит. Рнапкәырша шкәакәақәа рыла иаадырит. Гәдоуҭаҟа иҳашьҭит, настәи рхабар ҳәа акгьы сыздырам".

Жәҩанахьтәи адырга

Ажьырныҳәа аҽааҩнашоны имҩаԥгаз Ԥақәашьтәи аоперациа рхы аладырхәит агәыԥ "Ҟабарда" аибашьцәагьы.

"Аамҭа акыр цахьаны ҳдәықәлеит. Асааҭ хԥа-ԥшьба ыҟан аҭыԥ аҿы ҳаннеи. Аҵх ҵәцан. Сылаԥш нақәшәеит ажәҩан икыдыз амзаҿа, агәҭаҵәҟьа еҵәак кәеи-цеиуан. Аԥсылман символ акыр еиԥшын. "Ҳара ҳаиааиуеит" сҳәеит. Ажәҩан аҟынтәи адырра ҳарҭазшәа сгәы ааҟалеит"

Убри аухатәи аиҿагылараан ақырҭцәа ҩышәҩык рҟынӡа ыҟан, техникала ишьахәны еиқәыршәан. Аибашьра цон ҽынла асааҭ жәаҩа инаркны аҵх акыр инеиаанӡа. Мухамед Бли аӷа ихысырҭа ирхәашеит, аԥжәара иахҟьаны акантузиа шиоузгьы ҩыџьа ахәцәа алимгакәа аибашьра дәы аанимыжьит.

Мшы заҵәык сагхеит

Мухамед аханатәгьы аиааира агәра игон. 1992 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы, ашықәс ҿыц аламҭалаз,  иҩыза ҷкәын, Бжьаниа зыжәлаз иҩнаҭаҟны, уи иани иареи абасеиԥш аицәажәара рыман.

"Лара еснагь дсазҵаалон: "Миша, аибашьра анбеилго?" ҳәа. "Ианбалагеи?" сҵаауан. 2Нанҳәазы". "Убасҟан иагьеилгоит" анысҳәалак, "уанӡа изычҳауада" лҳәалон. Аибашьра алагара мариоуп, аилгароуп иуадаҩу сҳәон. "Ианамуӡа, жьҭаара аказы еилгоит" сҳәеит зны. Иақәсыршәарцгьы ак сыгымхеит. Мшы заҵәык сагхеит".

Аибашьратә портреҭ

Руслан Габлиа Мухамед исахьа ҭихит Гәдоуҭа, Кавказ жәлар Рконфедерациа аштаб аҟны. Абри аамҭазы Муҳамед Мрагыларатәи афронт аҟынтәи дхынҳәхьан.

Асахьаҭыхҩы ирҿиамҭа акыр иқәҿиеит ҳәа иазиԥхьаӡоит.

Аибашьрашьҭахьтәи  Аԥсны

"Сахьаангылаз сгәы азыҩбома? Сгәы азыҩбахар аҽакала ишьақәгылозма сыԥсҭазаара? Досу иара илахьынҵа имоуп. Хыхь иқәтәоу ишиӡбо ауп зегь шыҟало. Уара акгьы унапы иакым. Ауаҩы ак хәшьадны ианыҟаиҵо дахьымхәроуп".

Аибашьра ашьҭахь Муҳамед Бли  ишьҭахьҟа ахынҳәра игәы иҭан, аха ицеибашьуаз "уаангыл, макьаназ иҟало ҳаздырам" анырҳәа, даагылеит.

"Кәыдрытәи аиҩхааҟынтәи ҳанҭыҵ, 1994 шықәса ԥхынгәы 18 рзы, ҩныда-гәарада сыҟан. Шықәсыбжак рҟынӡа аӷба "Гәымсҭаҟны" сынхон. Уа аус зуан, уа сагьынхон. Нас сиасит аӷба "Абхазиа" ахь. Ҭырқәтәылаҟа ҳцон, ҳаауан. Шықәсык аҟара уа аус зуит. Аҭаацәара салалеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Мухамед иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа игәаларшәо.

1995 шықәса рзы Мухамед Атәылахьчара аминистрраҟны аусура далагоит. Иахьагьы уаҟоуп аус ахьиуа. 1996 шықәса рзы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс далырхит. Аҳәынҭқарратә закәанқәа аус рыдулара далахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0