Аԥсны иаԥҵоуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭаира"

© Sputnik Бадрак АвидзбаАԥсны иаԥҵоуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭаира"
Аԥсны иаԥҵоуп ауаажәларратә еиҿкаара Аиҭаира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭаира" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭаира" аԥҵоуп атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы, иҳәеит аиҿкаара ацхантәаҩ Леонид Лакербаиа.

"2014 шықәса лаҵарамзатәи ахҭысқәа рышьҭахь акырынтә ҳазхәыцхьан аҽа уаажәларратә еиҿкаарак аԥҵатәу иаԥҵатәыму ҳәа. Атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ иаҳнарбеит — иаҭахуп ҳәа. Аҵыхәтәантәи ахҭысқәа аҽазныкгьы ишьақәдырӷәӷәеит ус шакәыз", — иҳәеит уаанӡатәи Аԥсны Аԥыза-министр, аиҿкаара ашьаҭаркыҩцәа ируаӡәку Леонид Лакербаиа.

Иара иажәақәа рыла аҳәынҭқарра аекономикеи асоциалтәи усхкқәа рҟны ауадаҩрақәа амоуп. Анапхгара хра аманы аус руам.

Общественная организация Современная Абхазия. - Sputnik Аҧсны
Ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц "Ҳаамҭазтәи Аԥсны" аԥҵоуп

Иара убри аан агәра ганы дыҟоуп 2014 шықәсазтәи ахҭысқәа реиҭамҩаԥгара зынӡагьы ишыҟамло. Аиҿкаара аԥҵара ахықәкқәа ируакуп аҳәынҭқарра аԥхасҭа азҭар зылшо атәыла анапхгареи аоппозициеи рыбжьара иҟоу аибарххара аԥыхра.

Аӡыргараан иқәгылоз зегьы иазгәарҭон аиҿкаара ахьӡ аҵакы. Абас захьӡыз аиҿкаара аԥҵан 2000-тәи ашықәсқәа рылагамҭазгьы.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Аиҭеира" ацхантәаҩцәаны иалхуп Леонид Лакербаиеи Апарламент адепутат Ахра Кәакәасқьыри.

Ажәабжьқәа зегьы
0