Sputnik, Рада Ажьиԥҳа
Гәдоуҭатәи акәытқәа рааӡарҭатә фабрикаҟны напы рыдкыланы, ахшыҩ зышьҭра ду аҭаны ирааӡоит аԥсуа кәытқәа. Афабрика аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Игор Хугаев иажәақәа рыла, акәытқәа рааӡараз иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы рзаԥҵоуп. Амаругақәа зегьы аагоуп Германиантә, аус зуа аусуҩцәа ҭакԥхықәрала иазнеиуеит рус.
"Ҳара ҳусураҿы ихадароу акакәны иҟоуп акәҷарақәа иишаны рбара. Ҳара дара аагоит Уаԥстәылантә, уахыки-ҽнаки анырхыҵуа. Уи аԥхьа афабрикаҟны еиҿаҳкаауеит рҭыԥ, раԥхьа иргыланы иаҳрыцқьоит аҵақәа ҟамларазы, рыфатә рыжәтә ҳацклыԥшуеит", — ҳәа иҳәеит Хугаев.
Афабрикахь иаарго акәҷарақәа зегьы ргәабзиара иацклаԥшуеит, иахәҭоу ахәшәқәеи авитаминқәеи рырҭоит.
"Шәара шәызхәыц зқьы кәҷарақәа ахьыҟоу акы чмазаҩхар, зегьы ишырԥырхагоу, уи аҟнытә иахәҭоу агәырқәа ҟаҳҵоит. Иԥсыланы иҟоу акәҷарақәа ишахәҭоу еиԥш ианубалак ҩымыз рышьҭахь ишьны иуфаратәы иҟалоит", — хәа ациҵеит иара.
Аԥсуа кәытқәа рхаҭа рышәага маҷуп, рыкапангагьы кьылак, кьылаки бжаки рҟынӡа инаӡоит, аха уамакала ржьы хаауп.
"Ас иҭакны ирбо акәытқәа рзы агәрамгара аазырԥшуа рацәаҩуп, аха иҳааӡо аԥсуа кәытқәа цқьоуп, дара адәахьы иоуушьҭыргьы ахы ныҟәнагаратәы иҟоуп. Избан акәзар, ҳара ҳҿы акәҷарақәа аазхәо ауаа ақыҭақәа рыҟны адәы иқәҵаны ирааӡоит. Ирҿаҳҵо ҳәа еилых ыҟам, ус аҩнаҭа аԥшәмацәагьы ирбоит аԥсаатә. Уи ачарыц ырдыдны, уи ашьҭахь ианызҳалак ачарыц, аџьықәреи, аӡы есымша ирымоуп. Ҳара ҳфабрикаҟны зегьы аус ауеит автоматикала, аха уезгьы имеибафырц аусуҩцәа рхылаԥшуеит", — ҳәа ациҵеит иара.
Ари афабрика раԥхьа аусура ианалага ирааӡон адыгатәи акәтқәа ҳәа изышьҭоу. Аха ажәлар рҟынтә агәрамгара иахҟьаны, иисауеит аԥсуа кәытқәа рааӡарахь
"Ицәыҟаԥшьу аԥсуа кәытқәа рааӡара ҳалагеит ажәлар рҭахрала. Дара рыкапанра шмаҷугьы ажьы хаауп. Насгьы аԥсуаа дара ртәы еиҳа пату рзақәыԥ, уи аҟнытә ҳаргьы ицқьаны иҳааӡоит", — ҳәа инацшьны иазгәеиҭеит иара.
Аԥсаатә ааӡарҭатә фабрикаҟны аҵакырадгьыл 1200 квадрат ыҟоуп, зқьы кәты рбартә аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Ацех зегьы еихшоуп пшь-хәҭакны, ауадақәа рыҟны иаку аҳауа аԥхара ыҟоуп.