Гьерзмааԥҳа: сгәы ҭамгыло сыԥшуп

© Sputnik / Илона ХварцкияХьыбла Гьерзмааԥҳа Sputnik Аԥсны аҟны апресс-конференциа мҩаԥылгеит.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа Sputnik Аԥсны аҟны апресс-конференциа мҩаԥылгеит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиубилеитә фетиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аламҭалазы аоператә дива Sputnik Аԥсны аҟны апресс-конференциа мҩаԥылгеит.

АҞӘА, нанҳәа 2 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа оператә дива Хьыбла Гьерзмааԥҳа нанҳәа 2 рзы имҩаԥылгаз апресс-конференциаҟны илҳәеит даараӡа лгәы хыҭ-хыҭуа афестиваль аартра дшазыԥшу.

"Сара даара сгәы хыҭ-хыҭуеит. Сгәы ҭагылом. Иацы сыҟан афестиваль мҩаԥысраны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны. Аԥсны асеиԥш уаанӡа имҩаԥымсыцызт", — лҳәоит Гьерзмааԥҳа.

Иара убри аан иазгәалҭоит аспектакль арежиссиор Александр Титель иааигәа аҟазаара маҷк акәзаргьы дшарҭынчуа.

Лара убасгьы илҳәоит аныҳәа шарлашьцаз ашәҟәыҩҩ ду Фазиль Искандер иԥсра.

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳаи арежиссиор Александр Тители Аԥсныи рыбжьара авидеоеимадара. - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" Sputnik иӡырнагеит

Апресс-конференциа алахәылацәа зегьы минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәоит ҳџьынџьуаҩ Фазиль Искандер.

"Гәыхьрыла ихацыркхоит ҳфестиваль. Аҽа дунеик дазцеит ауаҩы лаша. Иҭабуп иара дахьаԥсыуаз, иареи ҳареи аамҭак ҳахьеицаныз", — лҳәоит Хьыбла.

К.С. Станиславскии В.И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә театр арежиссиор Александр Титель еиҭеиҳәеит афестиваль азы аҽырхиарақәа шымҩаԥысуа. Раԥхьатәи арепетициа иахьа имҩаԥысраны ишыҟоу.

Иара иазгәеиҭеит афестиваль ахьымҩаԥысуа аҭыԥ иамоу аҵакы.

"Аспектакль иарку аҵакыраҟынтәи адәахьы идәылгоуп. Араҟа арежиссиорра зуагьы иара ихаҭа Анцәа ду иоуп", — иҳәеит Титель.

© Sputnik / Илона ХварцкияХибла Герзмава в Sputnik Абхазия
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
1/2
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия
© Sputnik / Илона ХварцкияХибла Герзмава в Sputnik Абхазия
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
2/2
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия
1/2
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия
2/2
Хибла Герзмава в Sputnik Абхазия

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Мориц.

Ажәабжьқәа зегьы
0