Атәыла Ахада Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит

© Sputnik / Илона ХварцкияАтәыла Ахада Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит
Атәыла Ахада Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" актәи амш аҽны Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Хьыбла Гьерзмааԥҳа дидикылеит

АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит афестиваль адунеитә ҟазараҟны иахәҭоу аҭыԥ ааннакылараны ишыҟоу.

"Ҳара иаҳҭахы иаҳҭахым аԥсҭазаара иара атәы ҟанаҵоит. Идунеи иԥсахит Фазиль ду. Ауаҩы дыԥсуеит аха иԥсы аанхоит. Ҳара иҳамоуп ҳазлаҽхәаша рацәаны. Убарҭ дреиуоуп Хьыблагьы", — иҳәоит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла аԥсуа дгьыл аҟны асеиԥш иҟоу ауснагӡатә ду амҩаԥысра ашәаҳәаҩ амч лыланаҵоит.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра ԥхьаҟагьы афестиваль амҩаԥгара ишадгылоу, ишацхрааҩу.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа Sputnik Аԥсны аҟны апресс-конференциа мҩаԥылгеит. - Sputnik Аҧсны
Гьерзмааԥҳа: сгәы ҭамгыло сыԥшуп

"Сгәы иаанагоит иахьа иҟалараны иҟоу аинтерес ду аҵалап ҳәа. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәыцхырааразы. Ҭабуп ҳәа расҳәоит Акультура аминистрра, ҭабуп ҳәа иасҳәоит ҳмеценат Николаи Ачба. Иҟалап иара идгыларада иахьатәи афестиваль мҩаԥымсыргьы", — лҳәеит Хьыбла Гьерзмааԥҳа.

К.С Станиславскии В.И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә театр арежиссиор Александр Титель иҳәеит насыԥ иманы ихы шибо.

"Иацы Хьыблеи сареи Sputnik ҳаҭааны ҳаҟан. Уаҟа иаҳдырбеит 1995 шықәса рзтәи Хьыбла линтервиу. Лара усҟан Чаиковски ихьӡ зху аконкурс аҟны аиааира лгеит. Уаҟа илҳәоит акультура ҿиалар шакәу, арахь артистцәеи амузыкантцәеи аалар шакәу", — иҳәеит Титель.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Мориц.

Ажәабжьқәа зегьы
0