"Медеиа" аҳәынҭкарратә драматә театр ахь ииаган

© Sputnik / Илона Хварцкия"Медеиа" аҳәынҭкарратә драматә театр ахь ииаган
Медеиа аҳәынҭкарратә драматә театр ахь ииаган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" аҳәаақәа ирҭагӡаны аспектакль "Медеиа" Диоскураа рыԥшаҳәаҟны, Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа иаадыртит, аха алеира иалагаз ақәа иахҟьаны Аҳәынҭқарратә драматә театр ахь ииасыр акәхеит.

АҞӘА, нанҳәа 4 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аспектакль "Медеиа" Диоскураа рыԥшаҳәаҟны, Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа иаадыртит, аха алеира иалагаз ақәа иахҟьаны Аҳәынҭқарратә драматә театр ахь ииасыр акәхеит.

"Ҳара даара ҳгәы иалсит, аха аспектакль атеатр ахь ииаҳгоит, уа концертк аҳасаб ала имҩаԥысуеит. Илеиз ақәа "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" афестиваль иаԥырхагахом", — ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Афестиваль аҩбатәи амш азы имҩаԥысраны иҟоу "Опера.Джаз.Блюз." аконцертгьы усеиԥш амҩаԥгара аҭахо иаҭамхо аиҿкааҩцәа ианырдыруа нанҳәа 4 рзы акәхоит.

Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. 2014 шықәса рзы Москва, К. С. Станиславскии В. И. Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҟны имҩаԥысит. 2015 шықәса рзы XIV афестиваль Вена, Музикфераин азал аҟны имҩаԥган. 2016 шықәса рзы – Швеицариа, Санкт-Мориц.

Аиубилеитә фестиваль аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә агентра Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0