Ақалақь Ахадара аҳәара ҟарҵоит усда ақалақь ахь ауаа ҭымҵларц

© Sputnik / Илона ХварцкияАҟәа ақалақь акоммуналтәи авариатәи маҵзурақәа аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аусурақәа ирҿуп.
Аҟәа ақалақь акоммуналтәи авариатәи маҵзурақәа аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аусурақәа ирҿуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь акоммуналтәи авариатәи маҵзурақәа аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аусурақәа ирҿуп.

АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҟәа ақалақь акоммуналтәи авариатәи маҵзурақәа аԥсабаратә рыцҳара аԥыхразы аусурақәа ирҿуп. Иаԥҵоуп аштаб, ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа напхгара ззиуа. Абри атәы аарыцҳаит ақалақь Ахадара апресс-маҵзураҟынтәи.

"Ақалақь анапхгара, акоммуналтә маҵзурақәа ирылшо зегьы ҟарҵоит аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Иаԥҵоуп аштаб, ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа напхгара ззиуа. "Амшынеиқәафымцамчи" "Аӡыканали" русзуҩцәа ақалақь ӡылеи фымцалеи реиқәыршәаразы аусурақәа ирҿуп", — лҳәеит Мадона Кәыҵниаԥҳа.

Лара лажәақәа рыла ауаажәларратә транспорт аныҟәара ԥкуп.

"Ақалақьтә транспорт аныҟәара уадаҩуп. Атроллеибусқәа рцынхәрас аус руеит автобусқәа. Амаршрутқәа ԥсахуп. Аӡы ахьыҟам ала иныҟәоит", — лҳәеит лара.

Ақәаршҩы иалагеит асааҭ 21:40 (мск) рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0