Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәарҭа.
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәарҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аашықәса раԥхьа, нанҳәа 8 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит.

АҞӘА, нанҳәа 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәсазы аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам, иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

"Пекин Аолимпиада анаадыртуаз амш аҽны ақырҭуа артиллеристцәа аҭынч нхарҭақәа ирылахысуан. Аурыс ҭынчеиҿкааратә мчрақәа рказармақәа, административтә хыбрақәа, ашколқәа, ахәышәтәырҭақәа, ауааԥсыра рынхарҭақәа – абомбақәа рықәҳауан", — иҳәеит Олег Боциев.

Иара иазгәеиҭеит аҭынч уааԥсыра рганахьала ақырҭцәа рхымҩаԥгашьа ҿык-бзык ишазымҳәо.

"Аамҭақәак рышьҭахь артиллериа ауаа ирцарҭаны иҟаз амҩа заҵә аиехсра иалагеит", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит аурыс рыр рылшарала аӷа атәыла дшалцаз.

"Зегьы ибзианы иргәалашәоит 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа. Ҳара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит урҭ амш еиқәаҵәақәа раан ауаԥсжәлар еиқәзырхаз, уи ашьҭахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азхазҵаз Урыстәылатәи ажәлари анапхгареи", — иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорьев Олег Боциев ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иахьагьы усҟантәи амшқәа рзы иҭахаз аурыс солдаҭцәа ахьырхадымрышҭуазы.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц, Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа, Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Ажәабжьқәа зегьы
0