Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра еилгеижьҭеи аа-шықәса аҵра иазкыз ателецҳа мҩаԥган

© Sputnik / Томас ТхайцукАтелецҳа
Ателецҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәамза 8 аҿны, аа-шықәса раԥхьа Қарҭтәыла арратә мчрақәа Аахыҵ Уаԥстәыла бџьарла иақәлеит.

АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны имҩаԥган Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра еилгеижьҭеи аа-шықәса аҵра иазкыз Цхинвали Аҟәеи рыбжьара ателецҳа. Уи иалахәын Аахыҵ Уаԥстәылатәи аибашьра иалахәызи, уи ахҳәаа ҟазҵоз ажурналистцәеи.

"Аахыҵ Уаԥстәылеи Аҟәеи ас еиԥш реимадара раԥхьаӡатәиуп, илахьеиқәҵагоуп иара зызку атема. Аԥсуаа ибзиаӡаны ирыдыруеит изаку аибашьра, уи иааннажьуа ахьааи аԥхасҭеи", — ҳәа иҳәеи апресс конференциа аартуа Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба.

Аибашьра ахҳәаа аҟаҵараан аԥсуа журналистцәа ирылшаз рацәоуп, иҳәеит ажурналист Гурам Амқәаб.

"Аибашьра ианалага сара сҭаацәеи сареи Кисловодск ҳаԥсы ҳшьон, ишаасаҳаз еиԥш Аԥсныҟа сааит. Усҟан Аахыҵ Уаԥстәыла ателехәаԥшра еиладырбгахьан, уи аҟынтә аԥсуа журналистцәа ирылшоз ала аԥара еидкыланы, ҳколлегацәа апрофессионалтә камера рзааҳхәеит, уи ҳаманы аоператор Роберт Ломиеи сареи амҩа ҳақәлеит. Уаҟа ҳабла иабаз аҳәара уадаҩуп. Афильм ҭаҳхонаҵы сгәы иҭан атекст аҵаҵаны афильм аҟаҵара, аха акадрқәа анызба, исыӡбит, ус ашьҭра хроникак ҳасабала. Афильм алагоит Урыстәылатәи ар рҭыԥ аҟынтә, инҵәоит аӡӷаб хәыҷы лыла, лара Цхинвал амҩа дануп, аҭынч ԥсҭазаара лҭахыуп ҳәа", — абасала игәалаиршәеит афильм аҭыхрақәа шымҩаԥысуаз Гурам Амқәаб.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәарҭа. - Sputnik Аҧсны
Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам

Надир Битиев Аахыҵ Уаԥстәыла иҭынхацәа рацәаҩны инхоит, иара Аԥсны инхоз иҩызцәа ауаԥсаа зегьы реиԥш аибашьра дцеит.

"Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра агәалашәара уадаҩуп. Иҭахеит сҩызцәа сҭынхацәа аӡәырҩы. Зегь реиҳа ирыцҳароу хыԥхьаӡара рацәала ауаа шыцәаз иҭахеит. Аполитикатә еибарххарақәа ыҟан, аха ас иаалырҟьаны, имырҳәа-мырза аибашьра алагоит ҳәа аӡәгьы дгәыӷуамызт. Сара сзы гәырӷьаран Аԥсны инхоз ауаԥсаа зегьы аибашьра адәыҟны иахьызбаз, уимоу аԥсуаа ганха иаанымхеит ауаԥсаа ррыцҳараҿы ирывагылеит, ирыцхрааит", — ҳәа иҳәеит Битиев.

Қырҭтәыла арратә мчрақәа 2008 шықәса нанҳәа 7, 8 рзы ашьақәгылақәа "Град" рхарархәарала Аахыҵ Уаԥстәыла иалахысуан, ареспублика аҵакырадгьыл рымпыҵахало иара аҳҭнықалақь Цхьынвал амца ахрыжьит. Уи аҭакс, Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра хьчо ар ареспублика иаларгалеит. Хәымш инарзынаԥшуа ицоз аиҿагылара ашьҭахь ақырҭуа ар арегион иахцан.

2008 шықәса нанҳәа 26 рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра. Урыстәыла анапхгара иазгәарҭеит арҭ ареспубликақәа разхаҵара ҳаамҭазтәи ареалиақәа ишрықәшәо, азҵаара еиҭахәаԥшыргьы шзыҟамло.


Ажәабжьқәа зегьы
0