Арсен Качмазов – аибашьра иалиааз

© Sputnik Руслан ТадтаевАрсен Качмазов – аибашьра иалиааз
Арсен Качмазов – аибашьра иалиааз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ аибашьра мцақьоуқьад анахамацәысуаз нанҳәамзазы ииз аҷкәын иҭоурых атәы еиҭаҳәоуп Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла акорреспондент лматериал аҟны.

Sputnik, Диана Козаева

2008 шықәса, нанҳәамзазы, Цхинвал ақалақь ахы-аҵыхәа еимаздоз абомбақәа аԥжәара ианааҟәыҵуаз аамҭазы ахшараиурҭаҩны аподвал аҟны адунеи дықәлеит ауаҩԥсы. Арсен диит 08.08.08 шықәсазы шьыбжьагәазы, ақалақь аҿы иаанхаз ауааԥсыра ажәҩан абыржәы уашьҭан иҳақәҳауама ҳәа ианазыԥшыз.

Сынтәа Арсен аабатәи имшира азгәеиҭоит. Sputnik рҭааит Качмазоваа рҭаацәа, акорреспондент иеилылкааит аҷкәын ҳамҭас иоурц ииҭаху.

Арсен иан Шорена ахәышәтәырҭахь днаргеит нанҳәа 7 рзы. Ақалақь алахысра иалагаанӡа алҵра лзалмыршеит. Илгәалалыршәоит Цхинвал ахшараиурҭахь анеира ацынхәрас ареспубликатә хәышәтәырҭахь дышнеиз. Нас уа аус зуаз ахшараиурҭахь днаргеит.

"Аподвал ахь ҳаалбааит, минуҭқәак аамҵыцкәа сахьышьҭаз апалата "Град" аснариад ҩнаҳаит. Иара убри амш азы, ашьыжь Владикавказҟа "Газель" ала срышьҭырц рҭаххеит, аха уиала ахәцәа ргон азы сара саанхеит. Уи адагьы аҳақьымцәа ирҳәеит амҩа сықәгалара шшәарҭоу, ахшараура амҩаҟны салагар шауа", ҳәа лгәалалыршәоит Шорена.

Усҟантәи аамҭазы имҩаԥысуаз зегьы нагӡаны уажәы илгәалашәом Шорена, аха ахааназ илхамшҭуа иаанхеит аподвал аҟны аӡы шыҟамыз, аҳақьымцәа заҟа хамеигӡара аарԥшны анацәеи аӡҟцәеи ирхылаԥшуаз.

"Ҩымчыбжьа ахәышәтәырҭа сҭан. Усҟан сааигәа иҟаз зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит", — лҳәоит Шорена.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәарҭа. - Sputnik Аҧсны
Боциев: Аахыҵ Уаԥстәыла аурыс ир рфырхаҵара рхашҭуам

Мышқәак рышьҭахь Шорена лбара дааит лашьа. Иара иоуп Арсен раԥхьа дызбаз.

Арсен изныкымкәа урыстәылатәи ателеканалқәа рыла дыддырбахьеит, аиҳаракгьы абарҭ амшқәа раан.

Арсен сынтәа ахԥатәи акласс ахь дцоит. Ақыҭа Беқмар аҵара иҵоит аха Цхинвалтәи ашкол-интернат ахь диаргараны иҟоуп, избанзар иан џьаргьы аус луӡом, иаб иакәзар хышықәса раԥхьа машәырла дҭахеит.

Арсен аматематика бзиа ибоит, акәашара далоуп. Уаанӡа дзиудо асекцаиахь дныҟәон, аха агәыларатәи ақыҭахь ацан-аара уадаҩуп. Уажәы бокс аҽазыҟаҵара иҭахуп.

"Сдухар ОМОН салалоит, уахь срыдрымкылар спецназ ахь сцоит", — иҳәоит иара.

Арсен имширазы ҳамҭас иҭахуп iPhone мамзаргьы апланшет.

Ажәабжьқәа зегьы
0