Анжелика Бениаԥҳа, Sputnik.
Аԥсны Ахада иҳамҭа, анапхаҵа сааҭ даара гәахәарыла идикылеит Евгени Книазев.
- Ушьҭа Аԥсны аамҭала ҳанхалоит – лҳәоит Книазев иԥшәмаԥҳәыс Елена Дунаева.
Нанҳәа алагамҭазы атәыла Ахада иԥылара традицианы иҟалеит ҳәа азгәеиҭоит Книазев.
"Ҳара Аԥсны бзиа иаабеит. Абар уажәгьы ԥсшьара ҳәа ҳааиит. Раԥхьаӡа акәны Валери Ақаҩба аԥсуа курс аиҿкаара ахьихәыцыз иахҟьеит. Уаанӡа Аԥсны аӡбахә саҳахьан, аха смаацызт. Арахь сааит – бзиагьы избеит ари адгьыл", — иҳәеит Книазев.
Иара убасгьы атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит аԥсуа студентцәа проблемақәаны изықәшәо ртәы.
"Ҩбаҟа шықәса рышьҭахь атеатр аилазаара иалаӡҩашт. Иҟоуп аԥсшәа ззымдыруагьы", ҳәа азгәеиҭоит иара.
Шьчукинтәи атеатртә ҵараиурҭа аҩбатәи акурс астудентцәа ԥхьаҟа узлаҽхәаша ракәны иҟоуп, ҳәа азишьеит Книазев.
"Шәыстудентцәа аҳасабырбатә қәгыларагьы шәзымҩаԥыргахьеит. Урҭ макьанагьы аҵара иацырҵароуп, аха уажәнатә иудыруеит аҟыбаҩ бзиа шрылоу", — иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аԥсуа студентцәа ареспублика атеатртә ԥсҭазаара иалахәылацәахап ҳәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукЕвгений Князев
Евгений Князев
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Агәра згоит ҳауаажәлар ақәыргыламҭа ҿыцқәа рбара ргәы шаҳәо. Ҳактиорцәа дуқәа инарываргыланы аҿаргьы ҳатеатр аиҭарҿиара иалагап ҳәа сгәыӷуеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Аԥсны Ахада иара убасгьы Евгени Книазев идиныҳәалеит аспектакль "Аҳ Едип" апремиера. Апремиера мҩаԥысит 2016 шықәса ԥхынгәы 29-30 рзы Епидавр ақалақь аҟны, Афинтәи афестиваль-2016 аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Рауль Ҳаџьымба агәыӷра ааирԥшит аспектакль Аԥсынгьы ирбап ҳәа.
Книазев иазгәеиҭеит усеиԥш ҟаларгьы алшоит ҳәа.
"Шәара шәыдгьыл абырзен культура иадҳәалоуп. Сгәы иаанагоит "Аҳ Едип" "Медеиа" ахҟьа-ԥҟьақәа ахьрым ҳәа", длафуеит Книазев.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа, Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба, Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.