АҞӘА, нанҳәа 10 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аҳҭқалақь аҿы ирацәаны илеиз ақәаршҩы ауп изыхҟьаз аӡхыҵра, абри атәы иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Леон Кәарҷиа.
"Раԥхьатәи мзызны иҟоу – аамҭа кьаҿла ирацәаны илеиз ақәоуп. Сааҭқәак рыҩныцҟала илеиз ақәа мызкы илеираны иҟаз ҩынтәны еиҳауп", — иҳәеит Кәарҷиа.
Аҩбатәи мзызны иҟоу, аӡцарҭатә системақәа ахьажәыз ауп, урҭ асовет аамҭазы иҟаҵан.
"Избан асеиԥш зыҟало? Избанзар аибашьра анеилга ашьҭахь иргылан ирацәаны ахәаахәҭратә ҭыԥқәа, акрыфарҭақәа, урҭ ақалақь ахадара ирмацәажәакәа аӡцарҭақәа адыркуан", — иҳәеит Кәарҷиа.
Иара убас даҽа мзызкгьы дазааҭгылеит Кәарҷиа, уи ауааԥсыра рхаҭа агәам аӡиасқәа рахь ианкарыжьуа ауп, аӡы аҽарыцқьарагьы иаԥырхагоуп.
"Ҳара аӡышьҭрақәа рҿы иаҳбоит аҩнымаҭәа, уи уахь иказыжьуа ауаа роуп. Иара убас арыцқьарақәа мҩаԥызго аусуҩцәа ауаа анырԥырхаго ыҟоуп, ҿырԥштәыс иаагозар ауҭра ахьрымоу аҭыԥ аҿынтә ицар руӡом, аӡиас ааигәара игылоуп ацхыраагӡатә ргыларақәа, аказармақәа, аӡиас ахь анеира даара иуадаҩын", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Леон Кәарҷиа иажәақәа рыла, афинанстә проблемақәа ирыхҟьаны аӡышьҭрақәа ишахәҭоу ирыцқьам, ус шакугьы сынтәа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥган ақалақь иалсуа аӡиасқәа шьоукы рҿы.
"Апроблема ӡбатәуп аҭыԥантәии ареспубликатәии ахадарақәа рымчқәа рыла, аха раԥхьа иргыланы ажәлар рыхдырра еизырҳатәуп", — иҳәеит Кәарҷиа.
Леон Кәарҷиа иара убас иазгәеиҭеит, аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа ԥсшьаар дшыҟоу, аха иҟоу аҭагылазаашьа дшазҿлымҳау.
"Уажәазы имҩаԥырго аусурақәа иҳамоу амчқәа зегьы рылкуп, реиҳа иҵарыз апроблемақәа аԥыхуп, ақалақь арыцқьара иаҿуп", — иҳәеит Кәарҷиа.
Нанҳәа 3 рзы Аҟәа илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа жәпакы рыҭрақәа ирҭыҵит, ирацәоуп аӡы зыҩналаз аҩнқәа. Аԥхасҭа рыҭоуп амҩақәа, афымцатә система, аӡеиқәыршәаратә система.