Гуланиан: џьара акала дызуцхраауазар, хымԥада дуцхраауан

© Sputnik Бадрак АвидзбаГиви Аиба
Гиви Аиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гиви Аиба иԥсы ҭаны дыҟазҭгьы ихыҵуазаарын 85 шықәса.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵарауаҩ ду Гиви Аиба аботаника Аинститут аусзуҩцәа рганахьала акыр ҳаҭыр-пату шныҟәигозгьы аус азы иахәҭаны иҟазар алеишәа ӷәӷәа иман, лҳәоит аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Татиана Гуланиан.

"Икабинет ахь саннеиуаз еснагь сгәы сҽанын. Иара даара деиҿкаан. Зегь ҳаԥхьа аусура дааиуан. Досу инапы ианыз, иҟаиҵоз, илшоз ибзиаӡаны идыруан. Џьара акала дызуцхраауазар, хымԥада дуцхраауан", — лҳәоит лара.

"Аибашьра анеилга ашьҭахь ҳаизан, иаанхаз иӡыз реилкаара ҳалагеит. Иагьеилаҳкааит – иҳамаз зегь шаҳцәыӡыз. Аибашьра ҟалаанӡа ҳинститут иаҵанакуаз 150 усҳәарҭа рҟынтәи акгьы аанымхеит", — лҳәоит Гуланиан.

Лара лажәақәа рыла Гиви Аиба илшо зегь ҟаиҵон аинститут аиҭашьақәыргыларазы.

Гуланиан иазгәалҭеит Гиви Аиба аинститут адиректорс ҩынҩажәа шықәса инарзынаԥшуа аус шиуаз.

"Ҳгәалашәарақәа акыр иԥхоуп иара иганахьала. Иара ауаа аус рыцушьа идыруан. Идыруан досу илшоз илымшоз", ҳәа еиҭалҳәоит аботаникатә институт аусзуҩ Ирина Папазиан.

Гиви Аиба — Қарҭтәи ақыҭанхамҩатә институт даушьҭымҭан (1949 – 1954 годы). 1959 шықәса рзы Н.И. Вавилов ихьӡ зхыз анаукаҭҵааратә институт даспирантхоит.

Акандидаттә диссертациа хьчаны Аԥсныҟа дхынҳәуеит.

1964 шықәса рзы Гиви Аиба Аҟәатәи аботаникатә баҳча адиректорс аусура далагоит, аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡагьы уа аус иуеит.

Гиви Аиба иԥсҭазаара далҵит 2002 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0